Аԥсны ашколтә статистика

Анапаҵаҩра
Аԥснытәи 159 ашколқәа рҿы аҵара зҵо рхыԥхьаӡара 26 611-ҩык ыҟоуп, дара реиҳарак ақыҭақәа рҿоуп иахьыҟоу.

Иааидкыланы Аԥсны 159 школ ыҟоуп, аҵара рҵоит 26 611-ҩык аҵаҩцәа. Урҭ рахьтә 5 Аҵара аминистрра анапаҵаҟа иҟоуп – урҭ 4-лицеи-интернатки аҟәатәи актәи абжьаратә школи роуп. Егьырҭ ашколқәа араионтә аҵара аҟәшақәа роуп хылаԥшра рызҭо.

Ареспублика ақалақьқәа рҿы 40 школ роуп иҟоу, егьырҭ ақыҭақәа рҿы иҟоуп, аха хыԥхьаӡарала ақалақьтә школқәа рҿоуп еиҳа аҵаҩцәа ахьыҟоу.

Ашколқәа х-типкны рҽыршоит: абжьаратә ҵара ахьрырҭо – 145 школ (1 инаркны 11класс  аҟынӡа), ихыркәшам абжьаратә ҵара ахьрырҭо – 11 школ (1 инаркна 9 акласс аҟынӡа), алагарҭатә ҵара ашколқәа – 3 школк (1 инаркны 4 акласс аҿынӡа).

Ашколқәа рҿы аҵара мҩаԥыргоит хә-бызшәак рыла: аԥсышәала, аԥсышәалеи урысшәалеи, урысшәала, аерманшәала, қырҭшәала. Ареспубликаҿы аԥсуа школқәа 60 ыҟоуп, аԥсуа-аурыс школқәа 15, аурыс школқәа 47, аерман школқәа 26, ақырҭуа школқәа 11.

Милаҭла аҵаҩцәа еихшоуп абас: аԥсуаа – 14 234-ҩык, аурысцәа – 2 097, аерманцәа – 4 548, абырзенцәа – 119, ақырҭцәа – 4 743, егьырҭ амилаҭқәа – 879.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0