Ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа рыдкыларазы апунктқәа аусура иалагоит

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАмандарина аҭаара
Амандарина аҭаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Адкыларатә пунктқәа ақынхамҩа аалыҵқәа рыдкыларазы Аԥсны хә-раионк рҿы иаартхоит.

АҞӘА, абҵ 21 – Sputnik. Адкыларатә пунктқәа аусура иазхиахоит Аԥсны хә-раионк рҿы, абри атәы иҳәеит ақыҭанхамҩа аминистр Рафик Оҭырба Sputnik акорреспондент даниацәажәоз.

Адкыларатә пунктқәа аартхоит Гәдоуҭа араион Арсаул ақыҭа, Аҟәа араион Ачадара ақыҭа, Гәылрыԥшь араион Агәуӡера аҳабла, ақалақьқәа Очамчыра Гал рҟны. Урҭ уахгьы-ҽынгьы аус руеит. Адкыларатә ахә 25 мааҭ азыԥҵәоуп. 
"Адкыларатә пунктқәа зегьы рҿы амашьынақәа ыҟазаауеит. Ауаҩы ихала иааирыхуа аалыҵ адкыларҭа аҟынӡа изнамгозар, ҳара амашьына изаҳашьҭуеит", — иҳәеит аминистр.

Аминистр иажәақәа рыла, адкыларатә пунктқәа рхыԥхьаӡара еиҳахоит быжьба рҟынӡа. Ааԥынра инаркны Урыстәылантәи иаагалахоит адгьыл зладырҵәуа ахәшәқәа, урҭ анхацәа ахә маҷны ираадырхәалоит. Уи адагьы, арҭ апунктқәа рҟны еиҿкаахоит аџьармыкьақәа, урҭ рҟны анхаҩцәа иаадрыхуа рхала ирҭииртә аҭагылазаашьа роуеит, иҳәеит Оҭырба.

Ажәабжьқәа зегьы
0