Аԥсни Урыстәылеи аҽазыҟаҵаратә усқәа мҩаԥыргоит

© flickr.comАԥсни Урыстәылеи аҽазыҟаҵаратә усқәа мҩаԥыргоит
Аԥсни Урыстәылеи аҽазыҟаҵаратә усқәа мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Аԥсни Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррақәа аҽазыҟаҵара еицымҩаԥыргоит.

АҞӘА, абҵ 27 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи  Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррақәа аҽазыҟаҵара еицымҩаԥыргеит аӡиа Риҵа акәша-мыкәша.

Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра апресс-маҵзура излаанацҳауа ала, аԥсуа-аурыс ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргоит АҶА русуаҩцәа реимадара арӷәӷәаразы.

Аԥшьаша, аӡиа Риҵахь игоу амҩаҿы аԥсуеи аурыс еиқәырхаҩцәеи амҩатә машәыр алҵшәақәа раԥыхра иазкыз аҽазыҟаҵаратә усқәа еицымҩаԥыргеит. Аҽазыҟаҵаратә усқәа ахьымҩаԥысуаз амашьынақәа рхыԥхьаӡара акыр ирацәоуп, аҭыԥантәи ауаажәлари аԥсшьацәеи зегь реиҳа изнысуа амҩақәа ируакуп.

Ахаша аҽазыҟаҵара мҩаԥысит Гагра ақалақь аҟны. Аҽазыҟаҵара ишаҳәоз ала, атоннел аҟны амашьынақәа ааихеит. Аԥсуеи аурыс еиқәырхаҩцәеи ахҭыс алҵшәақәа аԥырырхуан, ихәыз ацхыраара рырҭон.

Риҵатәи аҽазыҟаҵарақәа дрыхәаԥшуеит ҳәа днеит Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба.

Аԥсни Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҿы аус руеит 500-ҩык ауаа инареиҳаны: амцарцәаҩцәа, аиқәырхаҩцәа, ашьхатә еиқәырхаҩцәа уҳәа.
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аусбарҭа еиҿкаан 2006 шықәсазы Аԥсны Ахада Сергеи Багаԥшь иқәҵарала.

2014 шықәсазы аусбарҭа министррахоит, напхгаҩыс дамоуп Лев Кәыҵниа.

Аԥсни Урыстәылеи  Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистррақәа аҽазыҟаҵара еицымҩаԥыргоит абҵара 28-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0