Лера Адлеиаԥҳа онлаин-абжьыҭирала актәи аҭыԥ аанылкылоит

© SputnikЛера Адлеиаԥҳа онлаин-абжьыҭирала актәи аҭыԥ аанылкылоит
Лера Адлеиаԥҳа онлаин-абжьыҭирала актәи аҭыԥ аанылкылоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аинформациатә маҵзура, арадио Sputnik НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит.

АҞӘА, мшаԥымза 18 — Sputnik. 11-шықәса зхыҵуа Валериа Адлеиаԥҳа лзы рыбжьы рҭихьеит 100 000-ҩык инареиҳаны аинтернет ахархәаҩцәа. Уажәы лара онлаин-абжьыҭирала актәи аҭыԥ аанылкылоит. Лера лзы абжьыҭира ҟалоит Sputnik Аԥсны апортал аҟны, иара убасгьы асоциалтә ҳақәа рҟны. Абжьыҭира аихшьаалақәа рыла аԥыжәара зауз ироуеит алшара арадио Sputnik аҟны иқәгыларц.

Лера – амузыкатә конкурс "Ты супер!" аҟны Аԥсны ахьӡала дықәгылоит. Актәи атур аан иналыгӡаз Лара Фабиан лашәа "Адажио" (Adagio) ахәшьара ҳаракны иарҭеит ажиури реиԥш ахәаԥшцәеи азыӡырыҩцәеи. Лера аконкурс аҩбатәи аетап ахь днеиит.аҩбатәи аетап аан Лера иналыгӡеит британиатәи ашәаҳәаҩ Адель иналыгӡо ашәа "Hello". Валериа илылшеит афиналбжахь анеира.

Валериа Адлеиаԥҳа лзы шәыбжьы шәҭиир ҟалоит абра

НТВ апроект ҿыц "Ты супер!" аҭаацәа ирылхәдоу ахәыҷқәа рҽаарԥшраз алшара рнаҭоит. Иара иалахәуп ахәыҷқәа рыҩнқәа рҟны ирааӡо, ашкол-интернатқәа ирҭоу, ус аҭаацәарақәа рахь ааӡара ирго ахәыҷқәа.

Валериа Адлеиаԥҳа аҩбатәи атур аҟны лықәгылара очамчыраа ахәаԥшуан Очамчыратәи Акультура ахан аҟны. - Sputnik Аҧсны
Очамчыраа рзы Амшаԥ аныҳәазтәи аҳамҭа

7 шықәса инаркны 18 шықәса рҟынӡа зхыҵуа апрофессионалтә жиурии миллионҩыла ателехәаԥшцәеи рҿаԥхьа рҟазара аадырԥшуеит. Урҭ аус рыдырулоит иреиӷьу амузыкатә продиусерцәа, аҟазауаа. "Ты супер!"

мҩаԥигоит ТЕФИ занашьоу Вадим Такменев. Аконкурс иалахәуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Азербаиџьан, Ермантәыла, Ҟазахсҭан, Кыргызсҭан, рҭтәыла, Беларуссиа, Молдова, Естониа рҟынтәи аҟыбаҩ ҷыда змоу аҿар.

"Ты супер!" аларҵәоуп, аӡыргарагьы аҭоуп Урыстәыла Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра иҟанаҵо адгыларала. Ахы инаркны ахәыҷқәа ирыцуп амедицинатә персонал, арҵаҩцәа, аԥсихологцәа. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны.

Sputnik (sputniknews.com) — жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзуреи арадиои атәылақәа жәпакы рҟны амультимедиатәи аинформациатәи хабқәа амоуп. Sputnik ашҟа иаҵанакуеит асаитқәа, арадиодырраҭарақәа, амобилтә хархәагақәа, иара убас, асоциалтә каҭақәа рҟны адаҟьақәа. Анапаҵаҩцәа рзы Sputnik, англыз, араб, аиспан, акитаи бызшәақәа рыла иҭыҵуеит. Sputnik асаитқәа аԥхьаҩ идыргалоит: авидео, аинфографика, афоторепортаж, онлаин-ефирқәа, аинтернет-бжьыҭира. Аоперативтә жәабыжьқәа рыдагьы Sputnik иакьыԥхьуеит аналитикатә материалқәа, аексклиузив интервиуқәа. Sputnik Аԥсны аусура хацнаркит 2014 шықәса ԥхынҷкәынмзазы. Амаҵзура активқәа ирыҵаркуеит аԥсышәалеи урысшәалеи имҩаԥысуа аинформациатә портал, арадио, амультимедиатә пресс-центр. Sputnik Аԥсны ареспубликаҿтәи аинтернет АИХ-қәа рыбжьара аԥыжәара амоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0