Германиа адискотекаҿы ахаҵа ахысра далагеит: иҟоуп иҭахаз

© © AFP / GEOFFROY VAN DER HASSELTГерманиа адискотекаҿы ахаҵа ахысра далагеит
Германиа адискотекаҿы ахаҵа ахысра далагеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
АИХ рдыррақәа рыла ихысуаз ахаҵа Ирак далҵит, акраамҭа Констанца дынхон.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 – Sputnik. Анемец қалақь Констанц адискотекаҿы аҭааҩцәа руаӡәк ахысра далагеит. Хҩык ахәрақәа роуит, аӡәы дшьуп. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости

"34-шықәса зхыҵуаз ахаҵа амҽыша ашьыжь ахысра далагеит асааҭ  4.30 (5.30 мск) рзы адискотекаҿы (ақ. Констанца, Макс-Штромаиер-Штрасе), иҟалаз ахысрақәа ирыхҟьаны хҩык ахәрақәа роуит, аӡәы дшьуп. Ацәгьара иуит ҳәа агәаанагара зызрымаз ауаҩы аполициеи иареи реиҿахысраан дшьуп", аҳәоит РИА Новости. 

Иара убасгьы ахәрақәа иоуит аполициа аусзуҩы, аха уи иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

 Аполициеи апрокуратуреи ашьаусҭҵаара хацдыркит.

Ажәабжьқәа зегьы
0