Абираҟ амшныҳәа ду ахәыҷқәа рзы

Анапаҵаҩра
Абираҟ амшныҳәа Аҟәа гәырӷьа-ччарала имҩаԥысит. Аныҳәа иалахәын адуқәа реиԥш ахәыҷқәагьы.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ ажәлар ирныҳәа иашаҵәҟьаны иҟалеит. Еиҳарак иара бзиа ирбоит аҿар, ахәыҷқәа. Атрадициа ҟазшьа аманы иҟалеит абри амш аҽны хәыҷгьы-дугьы амилаҭ маҭәа рышәҵаны иахьцәырҵуа, аԥсуа ашәақәа ахьырҳәо, ԥсыуала иахьыкәашо.

Ҳаамҭазтәи Аԥсны абираҟ рыдыркылеит 1992 шықәса ԥхынгәы 23 рзы. Иара аԥсуа жәлар рҳәынҭқарра аҿиара иасимволуп. Иаарту амаҿа шкәакәа 12 шәышықәса инарзынаԥшуа ақәра змоу аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Ацәаҳәа иаҵәақәеи ашкәакәақәеи аҿареи адоуҳареи ирсимволуп. Хә-кәакьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны аҭоурыхтә раионқәа: Саӡ, Бзыԥ, Гәма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибга ирсимволуп.

© Sputnik / Томас ТхайцукԤхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
1/21
Ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны иазгәарҭоит Аҳәынҭқарратә бираҟ амш.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсны Абираҟ амш хәыҷгьы дугьы рзы иныҳәамшуп.
Празднование дня флага. - Sputnik Аҧсны
2/21
Аԥсны Абираҟ амш хәыҷгьы дугьы рзы иныҳәамшуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАнацәеи абацәеи рхәыҷқәа амилаҭ маҭәа ршәырҵоит.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
3/21
Анацәеи абацәеи рхәыҷқәа амилаҭ маҭәа ршәырҵоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАӡӷабцәа рымаҭәазы амодельқәа акыр ирацәоуп. Амодельерцәа лассы-лассы рхы иадырхәоит ачаԥразқәеи амаҟақәеи реиԥш иҟоу архиагақәа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
4/21
Аӡӷабцәа рымаҭәазы амодельқәа акыр ирацәоуп. Амодельерцәа лассы-лассы рхы иадырхәоит ачаԥразқәеи амаҟақәеи реиԥш иҟоу архиагақәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАҷкәынцәа рымаҭәақәа рсашьа ахкқәа еиҳа имаҷуп. Урҭ еснагь иршәырҵо акәымжәы, аиқәа, акаба, ахҭырԥа мамзаргьы ахылԥарч роуп.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
5/21
Аҷкәынцәа рымаҭәақәа рсашьа ахкқәа еиҳа имаҷуп. Урҭ еснагь иршәырҵо акәымжәы, аиқәа, акаба, ахҭырԥа мамзаргьы ахылԥарч роуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАбираҟ амш ахәыҷқәа рыгәқәа хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп. Абри амш аҽны ргьама убар алшоит ачашә, ақаламышь, уаҭаар улшоит аетноцәыргақәҵа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
6/21
Абираҟ амш ахәыҷқәа рыгәқәа хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп. Абри амш аҽны ргьама убар алшоит ачашә, ақаламышь, уаҭаар улшоит аетноцәыргақәҵа.
© Sputnik Томас ТхайцукИара убасгьы ҭаацәала аконцерт ахәаԥшра алшоит.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
7/21
Иара убасгьы ҭаацәала аконцерт ахәаԥшра алшоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАԥсуа бираҟ аԥшшәқәа иреиԥшу аҵкы зшәу аӡӷаб.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
8/21
Аԥсуа бираҟ аԥшшәқәа иреиԥшу аҵкы зшәу аӡӷаб.
© Sputnik Томас ТхайцукАмилаҭ маҭәа адуцәа рзеиԥш ахәыҷқәа рызгьы ирӡахуеит акадифа, аԥарча, арашьиа ирылхны, иара убасгьы рхы иадырхәоит еиҳа зыхә маҷу аба, уи еиуеиԥшым сахьала иқәырҵоит.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
9/21
Амилаҭ маҭәа адуцәа рзеиԥш ахәыҷқәа рызгьы ирӡахуеит акадифа, аԥарча, арашьиа ирылхны, иара убасгьы рхы иадырхәоит еиҳа зыхә маҷу аба, уи еиуеиԥшым сахьала иқәырҵоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАныҳәа - аҭаацәа гәырӷьаҵәа раамҭа еицырхыргартә аҭагылазаашьа рнаҭоит.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
10/21
Аныҳәа - аҭаацәа гәырӷьаҵәа раамҭа еицырхыргартә аҭагылазаашьа рнаҭоит.
© Sputnik Томас ТхайцукАмилаҭ маҭәа аиԥшымзаара алзыршо асашьеи аӡахышьеи раасҭагьы абеи, ақәҵареи арԥшӡагақәеи роуп.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
11/21
Амилаҭ маҭәа аиԥшымзаара алзыршо асашьеи аӡахышьеи раасҭагьы абеи, ақәҵареи арԥшӡагақәеи роуп.
© Sputnik Томас ТхайцукАныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥысит амилаҭ маҭәа арбара. Иара рхы аладырхәит амодель қәыԥшцәа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
12/21
Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны амшын аԥшаҳәаҟны имҩаԥысит амилаҭ маҭәа арбара. Иара рхы аладырхәит амодель қәыԥшцәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАбираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт аҟны адиадема зхоу аӡӷаб хәыҷы.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
13/21
Абираҟ амш иазкыз аныҳәатә концерт аҟны адиадема зхоу аӡӷаб хәыҷы.
© Sputnik Томас ТхайцукАкәымжәы иаҵәа зшәу аҷкәын амшын аԥшаҳәаҟны днеи-ааиуеит.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
14/21
Акәымжәы иаҵәа зшәу аҷкәын амшын аԥшаҳәаҟны днеи-ааиуеит.
© Sputnik Томас ТхайцукАҳәса рымаҭәаҟны ицәырҵуа иалагеит ахаҵамаҭәа аелементқәа: ахацәа рмаҟақәа, аҳазырҭрақәа, аҟамақәа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
15/21
Аҳәса рымаҭәаҟны ицәырҵуа иалагеит ахаҵамаҭәа аелементқәа: ахацәа рмаҟақәа, аҳазырҭрақәа, аҟамақәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаадыртит амилаҭтә наплакқәа ахьаархәашеи ачыс агьама ахьырбашеи аҭыԥқәа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
16/21
Аныҳәа аҳәаақәа ирҭагӡаны иаадыртит амилаҭтә наплакқәа ахьаархәашеи ачыс агьама ахьырбашеи аҭыԥқәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАдыԥхьалара ду рыманы иҟоуп еиҭашьақәыргылоу амилаҭ маҭәа адагьы истильрку амаҭәа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
17/21
Адыԥхьалара ду рыманы иҟоуп еиҭашьақәыргылоу амилаҭ маҭәа адагьы истильрку амаҭәа.
© Sputnik Томас ТхайцукАбираҟ амш азгәаҭара аидеиа хацдыркит аҿар, хы-шықәса раԥхьа.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
18/21
Абираҟ амш азгәаҭара аидеиа хацдыркит аҿар, хы-шықәса раԥхьа.
© Sputnik Томас ТхайцукАконцертқәа, аныҟәарақәа, афеерверк ахәыҷқәа ирхамшҭуа ргәаҵаҿы иаанхоит.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
19/21
Аконцертқәа, аныҟәарақәа, афеерверк ахәыҷқәа ирхамшҭуа ргәаҵаҿы иаанхоит.
© Sputnik Томас ТхайцукУҩыза бзиеи уареи шәпатреҭ гәаларшәагас.
Празднование Дня флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
20/21
Уҩыза бзиеи уареи шәпатреҭ гәаларшәагас.
© Sputnik / Томас ТхайцукАныҳәа ахыркәшамҭаз аԥсуа бираҟ ду амшын аԥшаҳәа иқәганы инаргоит.
День флага 2015г. - Sputnik Аҧсны
21/21
Аныҳәа ахыркәшамҭаз аԥсуа бираҟ ду амшын аԥшаҳәа иқәганы инаргоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0