Путин аԥсуа-аурыс еиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан инапы аҵаиҩит

© Sputnik / Алексей Дружинин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла ахада Владимир Путин. Архивтә фото.
Урыстәыла ахада Владимир Путин. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит ахыхьчареи ашәарҭадареи рзеиԥштә еиужьра ашьақәыргылараҿы ҩ-ҳәынҭқаррак рымчқәа аизакра, иара убасгьы Аԥсны асоциалтә стандартқәа реизырҳара иацхыраауеит.

АҞӘА, жәб 4 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путин инапы аҵаиҩит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә усеицуреи рзы аиқәшаҳаҭра, ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Урыстәылатәи Афедерациа ахада Владимир Путини Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымбеи абҵара 24 аҩ-тәылак реиҩызареи рыстратегиатә усецуреи рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Ари адокумент иазԥхьагәанаҭоит ахыхьчареи ашәарҭадареи рзеиԥштә еиужьра ашьақәыргылараҿы ҩ-ҳәынҭқаррак рымчқәа аизакра. Иара убас Аԥсны асоциалтә стандартқәа реизырҳара иацхыраауеит, атәанчахәы ацҵара, амедицинатә, асоциалтә ԥгаԥсаҟаҵарақәа, агәабзиарахьчареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи рхырхарҭақәа рҟны аус зсу руалафахәы ацҵара, нас хәыҷы-хәыҷла урыстәылатәи астандартқәа рҟынӡа аҩагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0