Игорь Ахбеи Григори Карасини ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа ирылацәажеит

© Sputnik / Владимир Песня / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчранагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахба
Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчранагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра ацҳаражәҳәаҩ  Игорь Ахба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩи, Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Григори Карасини ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа рызҵаарақәа ирылацәажәеит.

АҞӘА, жәб 5 — Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аҭакзыԥхықәу, Азинмчра нагӡа змоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәаҩ Игорь Ахбеи,  Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ, астатс-маӡаныҟәгаҩ Григори Карасини аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьақәа ихадоу азҵаарақәеи адәныҟатәи аполитикаҟны аизыҟазаашьақәеи ирылацәажәеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аофициалтә даҟьа аҟынтә атекст ааго.

Путин аԥсуа-аурыс еиқәшаҳаҭра аратификациазы азакәан инапы аҵаиҩит

Аҩаша Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра  аратификациазы азакәан инапы аҵаиҩит. Аиқәшаҳаҭра аилыркаа аҟны иарбоуп Урыстәылеи Аԥсни жәларбжьаратәи реизыҟазаашьақәа шьаҭас ирымоу шьақәнаргылоит ҳәа,  асоциалтә, аекономикатә, агуманитартә сферақәа рҟны, иара убас атәылахьчареи ашәарҭадареи рызҵаарақәа рыӡбараҟны.

Адокумент иазԥхьагәанаҭоит ахыхьчареи ашәарҭадареи рзеиԥштә еиужьра ашьақәыргылараҿы ҩ-ҳәынҭқаррак рымчқәа реизакра. Иара убас Аԥсны асоциалтә стандартқәа реизырҳара иацхраауеит, атәанчахәы ацҵара, амедицинатә, асоциалтә ԥгаԥсаҟаҵарақәа, агәабзиарахьчареи, аҵареи, аҭҵаарадырреи рхырхарҭақәа рҟны аус зсу руалафахәы ацҵара, нас хәыҷы-хәыҷла урыстәылатәи астандартқәа рҟынӡа аҩагара.

Ажәабжьқәа зегьы
0