Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Саӡԥҳа: апроект "Сара сашәа" ибзианы ирыдыркылоит иалаху артистцәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсуа радио аиҳабы Сусанна Саӡԥҳа
Аԥсуа радио аиҳабы Сусанна Саӡԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа радио амузыкатә проект "Сара сашәа" аихшьаалатә концерт мҩаԥысуеит Ражден Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа ахыбраҿы аҩаша, ԥхынҷкәын 27 рзы.

Аԥсуа радио аиҳабы Сусана Саӡԥҳа иазгәалҭеит ари апроект раԥхьаӡа акәны ишцәырҵыз 2013 шықәсазы. Убри ашықәс инаркны, лара илыӡбеит ашәақәа аԥсышәала ажәлар рызнагара, аԥсуа ашәақәа аизҳара рымазарц азы.

Апроект аԥҟарақәа рыла, азыӡырҩцәа иргәаԥхаз ашәазы рыбжьы рҭиуеит есымза ател аҟынтәи инарышьҭуа асмс ала. Еиҳа ирацәаны абжьқәа зауа, апроек иаиааиуеит.

"Хра злоу ахҭысқәа": Апроект "Сара сашәа" автор, Аԥсуа радио аиҳабы Сусана Саӡԥҳа далацәажәеит апроект ахԥатәи аихшьаалатә концерт

Ашықәса аҩнуҵҟа амузыкатә проект "Сара сашәа" атематика ҩынтә аҽаԥсахуеит, аиааира амш ази, ашықәс ҿыц аламҭалази. Егьырахь апроект иагәылоуп аԥсуа естрадатә шәақәа зегьы. Ихаау, иԥшӡоу ашәақәа алԥшаара ҳазҿлымҳауп, лҳәеит лара.

Ажәабжьқәа зегьы
0