Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арвелод Ҭарба: ансамбль "Кавказ" ыҟанаҵ - иҟазаауеит Кандид игәалашәара

© Sputnik / Томас ТхайцукАнсамбль "Кавказ"
Ансамбль Кавказ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ансамбль "Кавказ" адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба Sputnik арадиостудиаҟны дазааҭгылеит Кандид Ҭарба игәалашәаразы аихшьаалатә концерт шымҩаԥырго.

Аԥсны Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистрра Ақәҵара инақәыршәаны, Кандид Ҭарба ихьӡ акамыршәразы, иара еиҿикааз ансамбль "Кавказ" ихьӡ ахҵоуп. 

"Кандид изы ансамбль ԥхьаҟагьы аҿиара аманы аҟазаара акырӡа аҵанакуан, сара агәра згоит ансамбль ԥхьаҟагьы еицырдыруа ишыҿио. Ҭабуп ҳәа расҳәоит иара Кандид ихьӡ ахьахырҵаз. Кандид иԥсҭазаара абжа уи иазкын", — иҳәеит Арвелод Ҭарба.

Аҳамҭа ҳаракқәа "Ахьӡ-Аԥша" аорден аҩбатәи аҩаӡара, Аԥсни Урыстәылатәи Афедерациеи реиҩызара ахьӡала аорден занашьоу Аԥсни Нхыҵ-Уаԥстәылеи жәлар рартист Кандид Ҭарба аԥсуа шықәсынҵырала уахәаԥшуазар ихыҵыз рацәам – 72 шықәсагьы цқьа изынамгӡеит.

"Хра злоу ахҭысқәа": Ансамбль "Кавказ" адиректор, асахьаркыратә напхгаҩы Арвелод Ҭарба иҳәеит Кандид Ҭарба игәалашәаразы аихшьаалатә концерт шымҩаԥырго

Аха ари аамҭа ҟазак кәашаҩык иаҳасабала иҭаигӡаз даараӡа ирацәоуп. Иара иқәиргылаз акәашарақәа рахьынтә ихаҭа еиҳа иаликаауан: "Аԥсуа кәашара", "Ауаԥсаа трыкәашара", "Алирикатә кәашара", "Ашьхаруаа рыкәашара". Ансамбль "Кавказ" ҟалеит Нхыҵ-Кавказтәи ҳаиашьаратә республикақәа еидызкыло культуратә хыҵхырҭаны. Ахьӡ шьҭыҵуан, амҽхак еиҳа-еиҳа иҭбаахон. Агострольқәа рҳәаақәа еиҵыҵуан. Дара рылахәын хыԥхьаӡара рацәала афестивальқәа аконкурсқәа.

Ирлас-ырласны ицон Нхыҵ-Кавказҟа. Уаҟа аныҳәақәа, афестивальқәа рыҽрыладырхәуан. Иқәгылахьан Москва Чаиковски ихьӡ зху азал ду аҟны. 2003 шықәса азын ансамбль "Кавказ" алахәын Санкт-Петербург 300 шықәса ахыҵра иазкыз аныҳәа ду. Иара убас "Кавказ" алахәын афестиваль ду "Мир Кавказу".

Кандид Ҭарба иԥсҭазаара далҵит 2016 шықәса лаҵарамза 1 азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0