Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Вахтанг Ԥиԥиа: Иерусалим иԥшьоу аҭыԥқәа ҳарҭааит

© Sputnik / Илона ХварцкияАмазареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахада Вахтанг Ԥиԥиа
Амазареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахада Вахтанг Ԥиԥиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснынтәи Анцәа дхазҵо ргәыԥ Амшаԥ аламҭалазы Иерусалим иаҭааны иҟоуп.

"Анцәа дахьииз аҭыԥ инаркны дахьҭадырхаз, анышә дахьамоу аҟынӡа ҳнеит. Аԥсны аизҳазыӷьаразы анцәа ҳиҳәеит, ҳтәыла аҟны акзаара ҟаларц азы, ҳажәлар аихьӡарақәа рымазарц азыҳәа ҳазшаз ҳиашьапкит. Сгәы иаанагоит, Аԥсныҟа ҳаныгьежьлак ақьырсиан ҭыԥқәа зегьы абрантәи инаҳго амца рхьаҳагӡап ҳәа", — иҳәеит Аԥснытәи анцәахаҵаҩцәа ргәыԥ иалоу Вахтанг Ԥиԥиа.

Амазареи ахатәтәреи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы ахада Вахтанг Ԥиԥиа Аԥснынтәи Анцәа дхазҵо Иерусалим рныҟәара дазааҭгылоит

Иерусалимҟа аныҟәара мҩаԥысуеит Аԥшьа Симон Кананити Аԥшьа Евстафи Аԥсилтәии рыхьӡ зху афонд аԥшьгарала. Аныҟәара афинанстә дгылара арҭеит Беслан Ешба, Иури Аланиа, Михаил Чалмаз, Аҟәа ақалақь Ахадара.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0