Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Лиудмила Адлеиҧҳа: Аҟәатәи ахәыҷбаҳчақәа рыҟны аҭыԥқәа ҳазхаӡом

© Sputnik Томас ТхайцукАҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиҧҳа
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиҧҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭа аиҳабы Лиудмила Адлеиҧҳа Sputnik Аԥсны иалҭаз аинтервиу аҟны илҳәеит, сынтәа ахәыҷбаҳчақәа рахь ирыдыркылаз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара 500-ҩык ишреиҳау.

Лиудмила Адлеиҧҳа далацәажәеит ақалақь ахәыҷбаҳчақәа рҟны ахәыҷқәа аҭыԥ ахьырзымхуа атәы
Сынтәа аҳҭнықалақь аҿы ахәыҷбаҳчақәа рахь ицараны иҟоу ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара ашьақәыргыларазы Аҟәа ақалақь ахадара аҵара аусбарҭаҟны акомиссиа реилатәара мҩаҧысит.

Инарҭбааны ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра >>

"Аҭаацәа иаҳзалырҵуа асиақәеи, иҳамоу ахәыҷбаҳчақәа рҟны иҟоу аҭыԥқәеи еизхаӡом. Ҳара иҳамоуп ахәыҷбаҳчақәа рахь ахәыҷқәа рыдкылараз Аусԥҟа, уи ҳақәнаҟәоит, аԥҟарақәа реилагара азин ҳамам. Раԥхьаӡа иҳадаҳкылоит зсоциалтә ҭагылазаашьа уашәшәыроу аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа, аибашьра аинвалидцәеи, аветеранцәеи, ҳџьынџьуааи рыхшаара", — ҳәа лҳәеит Адлеиԥҳа.

Аҟәа ақалақь аҵара аусбарҭа иаҵанакуа ахәыҷбаҳчақәа 13 ыҟоуп, ҳәа лҳәеит Лиудмила Адлеиԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0