Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нугзар Емырхәба: Аҟәа иҟалаз аӡхыҵра аԥхасҭа ӷәӷәа ҟанаҵеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Нугзар Емырхәба
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Нугзар Емырхәба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ Нугзар Емырхәба далацәажәеит аӡхыҵра иахҟьаны иҟалаз аԥхасҭа.
Нугзар Емырхәба аӡхыҵра иҟанаҵаз аԥхасҭа далацәажәеит

Аҟәа иҟалаз аӡхыҵра атәы далацәажәо, Нугзар Емырхәба иҳәеит ауаа рыҩнқәа аӡы шрыҩналаз, аиҳарак Шьеглов имҩаду аҟны.

"Ауаа рымаҭәа-рҩыҭәа аԥхасҭа ду рынаҭеит, уи адагьы ауҭра-асыҭра аӡәӡәеит. Аӡы метрак, ҩ-метрак ианхалалак, аԥхасҭа ҟанамҵар ауам", — иҳәеит Емырхәба.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭеит АҶА аусзуаҩцәа иааиԥмырҟьаӡакәа аусура иаҿуп.

Инарҭбаан ажәабжь шәаԥхьар ҟалоит абра>> 

Ажәабжьқәа зегьы
0