Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Арсалиаԥҳа афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" иазкны: ирҭынчны имҩаԥаҳгоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАкультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа
Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер ихьӡ зху ахԥатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" рҭынчны имҩаԥаҳгоит, абри атәы лҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.
Ельвира Арсалиаԥҳа Sputnik иазеиҭалҳәеит афестиваль "Ауаҩы игыларҭа" апрограмма

Акультуреи аҭоурыхтә-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр Ельвира Арсалиаԥҳа илҳәеит, афестиваль ашьаҭа акит 2015 шықәсазы ҳәа. Сынтәатәи ахԥатәи Жәларбжьаратәи афестиваль алагеит ажьырныҳәа анҵәамҭазы Фазиль Искандер ихьӡ зху афонд аӡыргарала. 

"Раԥхьаӡа иҳәатәуп, ахԥатәи афестиваль иара ида ишымҩаԥысуа, уи аҟнытә иҳаӡбеит, ахԥатәи афестиваль еиҳа ирҭынчны имҩаԥаҳгарц. Иҳамоу ахшыҩзышьҭрақәа зегьы аԥшьбатәи афестиваль ахь ииаҳгоит. Иара убас, Искандер ифонд аиҳабы Шьазина Агрԥҳа даҿуп Фазиль Абдул-иԥа иҭынха ахьчаразы лсахьаркыратә галереиаҿы ақәыргылара Марина Ешԥҳа 70-тәи ашықәсқәа рзы иҟалҵаз Фазиль Искандер ибиуст-ихаҿсахьа", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Фазиль Искандер ихьӡ ахырҵеит аурыс драматә театр. Сынтәатәи афестиваль аартреи-аркреи уаҟа имҩаԥысуеит, азӷәалҭеит аминистр.


Ажәабжьқәа зегьы
0