Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьапуа: аҭҵаарадырратә конференциақәа аҽалархәра алҵшәа бзиақәа ҳнаҭоит

Аԥсны анаукақәа ракадемиа апрезидент, академик Зураб Џьапуа
Аԥсны анаукақәа ракадемиа апрезидент, академик Зураб Џьапуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Лаҵара 23-25 рзы Москва имҩаԥысуан "Аславиантә традициатә культуреи иахьатәи адунеии" захьӡыз XXII Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа. Аԥснынтәи ари аконференциа далахәын Аԥсны анаукақәа ракадемиа апрезидент, академик Зураб Џьапуа.
Зураб Џьапуа дазааҭгылеит Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциа алҵшәақәа ртәы

Академик Зураб Џьапуа иажәақәа рыла "Аславиантә традициатә культуреи иахьатәи адунеии" захьӡыз XXII  Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә конференциаҿы иалацәажәеит афольклорҭҵаараҿы иҟоу апроблемақәа ртәы. 

"Ари традициатә конференциоуп, есышықәса атематика аҽаԥсахуеит. Сынтәатәи аконференциа иалкааны иазкын — адунеиаҿтәи афольклор ахаҿсахьақәа. Аконференциаҿы ҳалацәажәеит афольклорҭҵаараҿы иҟоу апроблемақәа ртәы, Аԥсныи Урыстәылеи мацара акәымкәа, адунеи зегьы рҿы. Аконференциа аҳәаақәа ирҭыгӡаны ҳаиԥылеит Урыстәылатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа апрезиденти сареи. Ҳалацәажәеит иаҳзеиԥшу апроектқәа", — иҳәеит Џьапуа.   

Иара убас аконференциа иалахәын афольклорҭҵааҩцәа Наала Барцыцԥҳа, Мадонна Ԥлиаԥҳа, Есма Ҭодуаԥҳа, аҵарауаа Цира Габниаԥҳа, Елисо Сангәлиаԥҳа.

Ажәабжьқәа зегьы
0