Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Надараиа: аамҭалатәи анхаразы азин рызҭо ашәҟәы аиура галаа зегь раасҭа иззыԥшу усуп

© Sputnik Белла КварчияТимур Надарая
Тимур Надарая - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ақалақь Гал 85-шықәса ахыҵра инамаданы арадио Sputnik ахь ааԥхьара иҭан Гал араион ахада Ҭемыр Надараиа. Иара еиҭеиҳәеит араион аҿиара атәы, насгьы ауааԥсыра зегь раасҭа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.

Надараиа Ақалақь Гал 85-шықәса ахыҵра далацәажәеит
Аамҭалатәи анхаразы азин рызҭо ашәҟәы иура– зегь раасҭа Гал араион ауааԥсыра ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшу, изызҿлымҳау усны дахцәажәеит араион ахада Ҭемыр Надараиа.  

"Ирацәаны иҟам-ианым убри иацу ажәабжьқәа рацәоуп. Аԥсны аамҭала анхаразы ашәҟәы змоу изинқәа еиҳа имаҷуп аполитика абжьыҭиира аганахьала, Ԥсоу аҳәаа ахыҵра азин имаӡам макьана уи ашәҟәы ала. Егьыс, Аԥсны инхо имоу азинқәа зегьы имоуп аамҭала анхаразы ашәҟәы зырҭоу. Акредит агара, амашьына арныҟәцаразы аршаҳаҭга, афирма аартра, аҵара аҭалара, Егры аҳәаа ахыҵра. Аиқәышаҳаҭра алацәажәара мҩаԥысуеит уажәы Урыстәылатәи аҳәаагьы иалахыслартә еиԥш азин рыҭаразы", — иҳәеит Надараиа.  


Ажәабжьқәа зегьы
0