Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Аргәын аибашьра шалагаз телехәаԥшрала ишрылаиҳәаз иазкны: агәра сызгомыз

© SputnikЗураб Аргәын
Зураб Аргәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә телерадиоеилахәыра аусзуҩцәа ҳгәы ҳҽанӡамкәа иҳаҳаит аибашьра шалагаз. Уи аҽны сара аредактор-аҷаԥшьаҩы ҳәа аус зуан, аефирахь аҭыҵра ҳәа аграфик сарбаӡамызт, ҳәа иҳәеит Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра шалагаз аԥсуа жәлар ирылазҳәаз, усҟантәи аамҭазы ателехәаԥшраҿы дикторс аус зуаз, ажурналист Зураб Аргәын.
Зураб Аргәын аибашьра шалагаз телехәаԥшрала ишрылаиҳәаз иазкны

"Адырраҭара ҿыц аҽазыҟаҵара ҳшаҿыз, аҭел даҳзасит Руслан Ҳашыг, ус сеиҳәеит "аефирахь шәымцәырҵын, адырраҭара ҷыда аиҳабыра рҟынтәи иҟалоит, аефирахь шәаԥхьар ауп", ҳәа. Атекст ансырҭа ашьҭахь, аефирахь сцәырҵит. Аиаша шәасҳәап сзыԥхьоз рацәак агәра сзымго сыҟан", — иҳәеит Аргәын.


Ажәабжьқәа зегьы
0