Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Нора Аџьынџьалԥҳа: аԥсуа жәлар рашәақәа Урыстәыла ибзианы ирыдыркылоит

© Sputnik Томас Тхайцукакопелла амузыкатә напхгаҩы, адирижиор хада Нора Аџьынџьалԥҳа.
акопелла амузыкатә напхгаҩы, адирижиор хада Нора Аџьынџьалԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультуратә сезон "Урыстәыла – Аԥсны-2017" аҳәаақәа ирҭагӡаны Москва "Дом музыки" аҟны аконцертә программа рыманы иқәгылараны иҟоуп Аԥсны аҳәынҭқарратә копелла. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит акопелла амузыкатә напхгаҩы, адирижиор хада Нора Аџьынџьалԥҳа.
Нора Аџьынџьалԥҳа Москва имҩаԥысраны иҟоу аконцерт иазкны

"Азал "Дом музыки" аҟны изныкымкәа ҳақәгылахьеит, даараӡа иманшәалоуп. Ҳрепертуар шьақәгылоуп еиҳарак аԥсуа доуҳатә музыкала, иара убас егьырҭ акомпозиторцәа рашәақәа рыла. Аԥсуа жәлар рашәақәа инакәзаалакгьы Урыстәыла ибзианы ирыдыркылоит", — лҳәеит Аџьынџьалԥҳа.

Москва имҩаԥысраны иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарратә копелла аконцерт азы асахьаркыратә напхгаҩы Нора Аџьынџьалԥҳа лыҿцәажәара инарҭбаан шәазыӡырҩыр ҟалоит Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир ала, асааҭ 18:00 рзы.


Ажәабжьқәа зегьы
0