Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Гәыбаз: иҟоу аԥхарра аботаникатә баҳча аҵиаақәа "изажьаӡом"

© Sputnik / Томас ТхайцукЭдуард Губаз
Эдуард Губаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишьақәгылаз аԥхарра аботаникатә баҳчаҿы изызҳауа аҵиаақәа анырра рнаҭом, уи зԥырхагоу акультуратә ҵиаақәа роуп, иҳәеит арадио Sputnik астудиаҟны Аботаникатә институт адиректор Едуард Гәыбаз.
"Ҳазлацәажәаша ҳамоуп": Едуард Гәыбаз аҳауа аԥхарра аҵиаақәа ишырныруа иазкны

"Аӡын алагамҭаз аҭаҳаҳәаз аҵиаақәа ишыҟац иҟоуп, урҭ амра ԥхозаргьы ирԥырхагам. Март мзазы ишәҭраны иҟоу, амимоза ҳәа изышьҭоу акәзар, макьана имышәҭыц, аха уажәшьҭа аҽазнакуеит, ас аԥхаррақәа цалар, аныҳәаз аҳәса шәҭыда иаанхар алшоит", — иҳәеит Гәыбаз.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0