Ҭырқәтәыла иаԥҵоу Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны иааны иҟоуп

© Sputnik Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны иааны иҟоуп
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны иааны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеилакқәа Рфедерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны имҩаԥысит еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәеи дареи реиԥыларақәа.

АҞӘА, мшԥ 2 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы, Апсны аусуратә визитла иааны иҟоуп Ҭырқәтәыла, Сҭамԥыл ақалақь аҟны еиҿкаау Аԥсуа федерациа ахаҭарнакцәа Аҭанур Аҟәысбеи, Озлем Хәырхәмал-ԥҳаи. Урҭ Аԥсны рыҟазаара иалагӡаны имҩаԥысит еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа реиҳабацәеи дареи реиԥыларақәа.

Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ҳџьынџьуааи злахәыз аизараҟны иазгәарҭеит, аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадарақәа шырӷәӷәатәу. Убри инақәыршәаны ашәаҳәаратә акәашаратә ансамбльқәа Ҭырқәтәылаҟа рнаԥхьара шаҭаху. Аҭанур Аҟәысба иазгәеиҭеит лаҵарамзазы Гәанырба ақалақь аҟны имҩаԥысраны ишыҟоу Жәларбжьаратәи акәашаратә фестиваль. Аԥснынтә акәашаратә ансамбльқәа рхы аладырхәырц азы Аԥсуа Федерациахь аапҳьара шаашьҭыз. Иара убас, лаҵарамзызы Бурса ақалақь аҟны имҩаԥысраны иҟоу ашәаҳәареи, акәашареи Жәларбжьаратәи рфестиваль ахь акәашаратә нсамбль ааԥхьара шамоу. Ахарџьқәа рхахьы ишырго афестиваль аиҿкааҩцәа.

2014 шықәсазы ҭырқәтәылатәи аждурналистцәа Аԥсны иааны иҟан. Урҭ Аԥсназы иҟарҵаз апропоганда иабзоурнаы Нилиуферн ақалақь аҟны еиҿкаау акәашаратә ансамбль агәаҳәара аанарԥшит, Аԥсны абираҟ амш ныҳәа ахы аланырхәырц.

Аԥсуа бызшәа аҿиара Аҳәынҭқарратә фонд аиҳабы Гәында Кәыҵниаԥҳаи, Афедерациа ахаҭарнакцәеи алацәажәеит, Ҭырқәтәыла ҳдиаспора аԥсуа бызшәа дырҵара азҵаара. Иазгәарҭеит Ҭырқәтәыла инхо, аԥсшәа здыруа гәыԥҩык Аԥсныҟа ааԥхьара рыҭаны, аԥсуа бызшәа аметодика иахысырц. Анаҩс, Ҭырқәтәыла аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа рыҟны аԥсуа бызшәа ддырҵаларц. Афедерациа ахаҭарнакцәа, Гәында Кәыҵниаԥҳа иҭабуп ҳәа ларҳәеит афонд ахьӡала аԥсышәала иҭыжьу ашәҟәқәеи, аудио-, авидео-материалқәеи ҳдиаспора иахьрылҭаз.

© Sputnik Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны иааны иҟоуп
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны иааны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа Федерациа ахаҭарнакцәа Аԥсны иааны иҟоуп

Анаҩс, аизара еиҿкаан Аԥсны аҵара аминистрраҟны. Аҵара аминистр Адгәыр Какоба иҳәеит, ас еиԥш аизарақәа лассы-лассы ишеиҿкаалатәу, аԥхьаҟатәи аусеицуразы рылҵшәа шбзиахо. Иҳәеит, ҳазҭоу ашықәс азы Ҭырқәтәылаҟа ицара шазгәаҭоу. Арепатриациазы Аҳәынҭқарратә еилаки, аҵара министрреи рымчала, аԥхынразы, ахәыҷқәа рлагер аиҿкаара ргәы ишҭоу.

Аспорти аҿартә политикеи русбарҭақәа реиҳабацәа Баграт Хәытабеи, Алиас Аҩӡбеи Аԥсуа федерациа ахаҭарнакцәеи рылацәажәеит аԥхьаҟатәи руснагӡатәқәа. Баграт Хәытаба иҳәеит Ҭырқәтәыла афонд аиҿкаара шаҭаху, усҟан русеицура еиҳа ишыманшәалахо. Иазгәеиҭеит, Ҭырқәтәыла иҟоу ақалақьқәеи дареи аимадарақәа ирыбжьо. Ҳаспортсменцәа рӡыргаразы, Аԥсуа Федерациа алша шырацәо, ргәыӷрақәагьы шҳадырҳәало.

Аҿартә политика аусбарҭа аиҳабы Алиас Аҩӡба иҳәеит, аҵарадырра, аспорт, акультура уҳәа имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рҟны ҳдиаспора аҿар рхы аладырхәларц шырҭахыу. Ҭырқәтәыла иҟоу аҿари дареи аимадара, аибабара рыбжьазарц. Аԥсуа федерациа ахаҭарнакцәа агәахәара аадырԥшит аҳәынҭқарратә усқәа рҟны аҿар, амаҵзуратә ҭыԥқәа ахьрымоу. Еибырҳәоз агәаанагарақәа еиқәышаҳаҭрала ирыдыркылеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0