Аԥыза иажәа: Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылантә иааз аделегациа ираиҳәаз

© Фото : Архивтә фотоАԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи реиԥылара
Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ишәыдаагалоит Аԥсны аибашьра анцоз аамҭазы Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациеи ҳҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи реиԥылараан аԥыза ииҳәаз ажәа.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы изларылшоз ала рыԥсадгьыл агәыҳалалратә цхыраара арҭон аҳәаанырцә инхоз ҳџьынџьуаа. Иҟоуп зыԥсадгьыл ахьчара  бџьарла иазгылаз рацәаҩны, ианаҭахха аамҭазы зыԥсҭазаара зыԥсадгьыл иахҭнызҵаз.

Абра ишәыдаагалоит усҟан Ҭырқәтәылантәи иааз ҳџьынџьуаа рделегациеи ҳҳәынҭқарра Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи реиԥылараан аԥыза ииҳәаз ажәа. Уи ажәа иахьагьы ицаҳә-цаҳәуа иҟоуп.

"Зеиӷьыҟам тәылоуп Аԥсны! Уажәы аибашьра цоит,  ҽеила ишәзымбеит, аха  аҭынч ԥсҭазаара аныҟоу шәаҭаан ижәбар, даараӡа ишәгәаԥхоит, шәагьеигәырӷьоит.  Ажәларқәа зегьы ирымазар рҭахыуп ас еиԥш иҟоу атәыла ԥшӡа. Уи азы иаҳахҭысхьоу жәдыруеит аԥсуаа.

Ара аҭыԥ џьанаҭ дгьылуп. Анцәа ихазы иалихыз, ҳара иҳанеишьеит. Уи аҵакы ҳдыруазароуп. Шәара, егьа тәым ҳәынҭқаррақәа рахь шәцаргьы, шәыԥсадгьыл иаҩызоу џьаргьы ишәзыԥшаауам. Ҭырқәтәылагьы ишәымаӡам Аԥсны захьӡу аԥсадгьыл. Уи ароуп иахьыҟоу.

Аԥсны, шәара шәабдуцәа зныҵыз адгьыл ауп. Аамҭаказы, иҭырҭәааны ишынхоз аԥсуаа, убас еиԥш иҟалароуп иахьагьы. Шәааи, арахь иаразнак зегьы шәзыҟаҳҵоит ҳәа шәаҳҳәар, шәаҳжьоит. Ҳара аиаша шәаҳҳәар ҳҭахыуп. Адгьыл ыҟоуп, анхара азҵаара аӡбара алшоит. Иблу ахыбрақәа, зеиҭашьақәыргылара зуа ыҟоуп. Ҳамчқәеи, ҳалшарақәеи еибыҭаны ҳаидгылап. Усҟан акахьы ҳкылымсырц залшом. Ҳадгьыл чашәуп. Ҩнқәак ааҟаҵаны шәныҩналар, ԥсыуа ҭаацәараны ҳаизымҳауеи. Уи ҳара ҳзы имал думи, еиӷьу иҟоузеи?! Ҳарҭ зегьы ибзианы еилаҳкаауазароуп, ԥсадгьыл заҵәык шҳамоу, хьӡысгьы ишамоу Аԥсны.

Ҭырқәтәыла еиҿкаау аԥсуаа ркультуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Џьенгьиз Коч Ашәба - Sputnik Аҧсны
Џьенгьиз Ашәба: Арӡынба иуаажәлар дрықәгәыӷуан, рыгәра игон

Еиҳа ишәзыманшәалахар ҟалоит, қыҭа-қыҭала шәыҟазар, ус шәҽеидышәкылар, избанзар, еиҳа ишәзыманшәалоуп. Абызшәа зцәыуадаҩу дҟалар алшоит. Қыҭа-қыҭала шәыҟазар, уа ашкол ҳаргыларгьы ҟалоит, нас хәыҷ-хәыҷы аԥсуа бызшәа ахәыҷқәа аҵара иналагар, аҷҷаҳәа ицәажәо иалагап.

Ақалақьқәа рҟны урысшәала иахьцәажәо, ҳгәы ҳнархьуеит.  Ҳаԥсуа бызшәа ықәмыҩуазар, иалаҳхуазеи Аԥсны? Абызшәоуп ҳара милаҭк аҳасабала ҳаиқәзырхо. Ауаҩы ихы мацара дашьҭазар ҟалом. Жәларык раҳасабала ахеиқәырхара ҳазхәыцуазар, ҳҽеизакны ҭыԥк аҿы ҳаҟазароуп.

Сара, хәыҷ-хәыҷы шәгьежьыроуп ҳәа шәасҳәоит, аха уаҵәы зегьы ҳаауеит шәҳәозар, еиҳагьы сеигәырӷьоит. Сара сыхәмаршәа уажәааигәа, Ҭырқәтәылантәи иаан иҟаз аиҳабацәа Орҳан Ашамба, Ҳақы Ажьиба уҳәа ирацәаҩны еицын, ус расҳәеит: "Уара, абри амҳаџьырра шәаныргоз, аӷбақәа шәрықәыртәаны шәыргеит, нас уажәы ӷбак шәзымыԥшааӡои, шәақәтәаны абрахь шәызлааша?" ҳәа. Ауаа ҟәышқәа адыԥхьаланы, ҳазегьы ҳахшыҩқәа еилаҵаны, амшын нырцә инхо ҳашьцәа, шәҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь нхара шәаара азҵаара даара ибзианы ҳазхәыцроуп, иҳаӡбароуп".

Владислав Арӡынба

© Sputnik Леон ГәниаВладислав Арӡынба: иԥсҭазаара аҟынтәи афактқәа, ахтысқәа, ахәыцрақәа
Владислав Арӡынба: иԥсҭазаара аҟынтәи афактқәа, ахтысқәа, ахәыцрақәа - Sputnik Аҧсны
Владислав Арӡынба: иԥсҭазаара аҟынтәи афактқәа, ахтысқәа, ахәыцрақәа

 

Ажәабжьқәа зегьы
0