Аԥсуа гьама змоу аҭырқә чысқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукШьемсеттин Ԥлиа
Шьемсеттин Ԥлиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Амҳаџьырқәа рхылҵшьҭра иԥсҭазаареи, иҭоурых ԥсадгьыл аҵасқәа реиқәырхареи, аԥсҭазаара иҿыцны ашьапкра шалшоуи ртәы далацәажәоит Ҭырқәтәылантәи зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз Шьемсеҭҭин Ԥлиа.

Sputnik, Асида Кәыҵниаԥҳа

Шьемсеҭҭин Ԥлиа, Ҭырқәтәылантәи зҭоурых ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз дреиуоуп. Ара, Аԥсны, аҭырқә чыс хаақәа ируаку раҳаҭ-лукум аҭыжьра нап алеикит.

Амшын егьи аганахьтәи аԥсҭазаара

"Саныхәыҷыз, шықәсыбжакгьы схыҵуамызт, сан аԥсышәала агарашәа сзылҳәон. Сара уи ашәа сҭахәхәа сарцәон. Насшәа лара исзеиҭалҳәалон – ҭырқәшәала ашәаҳәара дшаалагалак сыҳәҳәабжь ацуҭа ирылаҵәон ҳәа", — игәалаиршәоит Шьемсеҭҭин.

Иара иажәақәа рыла адунеи аҵыхәан уаныҟоу уԥсадгьыл аҵасқәа рныҟәгара уадаҩӡам, аха иара убри аан убызшәала ацәажәара ҟалаӡом.

"Ашкол ахь сцеит быжьшықәса анысхыҵуаз. Уаҟа ҭырқәшәалада аҽа бызшәак ала уцәажәар ҟаломызт, аштрафгьы удыршәон, 25 лир. Зны арҵаҩы сақәикит аԥсышәала сышцәажәоз. Исыдиҵеит шәынтә акласс-ӷәы аҟны изҩырц: "Иаҳхылаԥшхәу иҭабуп, сҭырқәаны сахьушаз", ҳәа.

Иара акласс дшындәылҵыз еиԥш аҩра салагеит: "Иаҳхылаԥшхәу иҭабуп, саԥсыуаны сахьушаз" ҳәа. Арҵаҩы дхынҳәны данааи акраамҭа изеилкаауамыз изҩыз, аха данаԥхьа даара дгәааит, дагьсысит", — иҳәоит иара.

Ари аҭоурых ахыԥша ӷәӷәа аиур алшон аха арҵаҩы Шьемсеҭҭин иаб ҳаҭыр иқәиҵон азы иара иахь днеиит иҟаз аиҭаҳәаразы.

"Сырҵаҩы аҩныҟа днеиит схымҩаԥгашьа атәы сҭаацәа ирзеиҭеиҳәарц. Сара усҟан саб иашьа иҩнаҿы стәаны сҵәыуон саб дсырԥхашьеит ҳәа. Исыздыруам уаҟа излацәажәаз, аха сырҵаҩы данца ашьҭахь саб ишҟа снеиԥхьан иҟаз шыҟазҵәҟьа иҳәа иҳәеит. Сара сышшәозгьы сааҵҟьаны исҳәеит: "Иара иҭахын сара саҭырқәоуп ҳәа сҳәарц, аха сара саԥсыуоуп" сҳәеит. Саб исҳәаз илымҳа кыдҵаны дазыӡырҩит, нас дҩагылан схагәҭа днагәӡит. Уи ала сара еилыскааит дсылаҽхәар шиҭахыз. Уи инамадангьы иҳәеит иԥа даԥсыуа цқьаны ишизҳаз, дышхаҵахаз", игәалаиршәоит Шьемсеҭҭин.

© Sputnik / Томас ТхайцукЩемсеттин Пилия следит за изготовлением пастилы
Щемсеттин Пилия следит за изготовлением пастилы - Sputnik Аҧсны
Щемсеттин Пилия следит за изготовлением пастилы

Ааӡара ыҟамзар абызшәагьы хәарҭара алаӡам

Аԥсуаа, зыдгьыл гәакьа иахыргаз, рыжәлар рҵасқәеи рқьабызқәеи реиқәырхара рылшеит. Ирылшеит рбызшәа ахьчара, иахьанӡа аагара, "аԥсуара" амырӡра ҳәа иԥхьаӡоит Шьемсеҭҭин Ԥлиа.

"Ҳара ҳабацәеи ҳабдуцәеи иҳаларааӡаз иахьанӡа иааҳгеит. Аҭырқәцәа ирымаадаз маҷуп. Ҳара иаадыруа ҳахшара ирымаадоит, идҳарҵоит. Анцәа аԥсуаа ириҭаз акультура, ахымҩаԥгашьа, аламыс аҽа милаҭк ирылеимҵаӡеит. Уаԥсыуаны аира мацара акгьы ихәарҭаны иҟаӡам. Аԥсуара ноугӡароуп уаԥсыуазарц. Ауаҩы дзырԥшӡо ихымҩаԥгашьоуп. Ааӡара аныҟам абызшәагьы лҵшәадоуп. Иара убас аҵара дугьы умазар, аха ааӡара умамзар ууаҩны уазыҟалаӡом. Аиҳабы аиҵбы удыруазароуп. Аиҳабы дҟәышзароуп, ацәажәашьа дақәшәозароуп, ихьӡ-иԥша дыҭнагозароуп. Усҟан ауп иажәагь акыр ԥнаҟо ианыҟало", — иҳәоит ҳзыҿцәажәо.

Шьемсеҭҭин Ԥлиа иҭаацәа аҭырқәа қыҭа Диузџьеи аҿы ршьапы ркит. Уи Адаԥазара иацәыхарам. Уа аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо иахырҟьаны иаԥсыуа қыҭоуп ҳәа иршьоит.

"Уажәы ҳҭаацәа Ҳендеқь ақалақь аҿы инхоит. Уа ҳхатәы школ ҳамоуп, 200 рҟынӡа зылшарақәа ԥку аҵаҩцәа аҵара рҵоит. Ашкол напхгара алҭоит сыԥҳа аиҳабы. Сара зынӡа ԥшьҩык ахшара сымоуп. Ҭаацәала аус ецаауеит", — иҳәоит Шьемсеҭҭин.

Шьемсеҭҭин иажәақәа рыла Аԥсныҟа ахынҳәра иара изы ижәҩангәашәԥхьаран. 2008 шықәса рзы иоуит алшара арахь аара.

"Аԥсныҟа нхараҳәа схынҳәит 2012 шықәса рзы. Сара уажәшьҭа сықәра акыр инықәсхьеит. Ҭырқәтәыла схы-сыхшара сеиҵаҩҩы сыҟоуп, аха даара исҭахын сыԥсадгьыл акала сахәар. Сашьцәагьы Аԥсныҟа нхараҳәа ииасит. Адәқьан аадыртит, Ҭырқәтәылантәи ахаа-мыхаа ааганы ирҭиуеит. Сара зны сгәы иаанагеит, избан Ҭырқәтәылантәи изаагара, аҽа тәылак ахашәала заҳҭара ҳәа. Аҽаџьара ак анааухәо иахьааухәо ауп амал ахьроуа. Аԥсназы уи хәарҭара алаӡам. Абри агәаанагара скылнагеит иахьа сызҿу аус ахь – ачыс хаақәа Аԥсны рҭыжьра".

Шьемсеҭҭин еиҭеиҳәоит раҳаҭ-лукум аҭыжьразы аҭагылазаашьа ҷыдақәа аԥҵатәуп ҳәа. Аиҳарак аӡыцқьа аҭахуп. Ҭырқәтәыла аӡы зехьынџьара ахархәаразы иахьыцқьам иахҟьаны раҳаҭ-лукум иалкаау аҭыԥқәа рҟноуп иахьыҟарҵо.

© Sputnik / Томас ТхайцукЩемсеттин Пилия
Щемсеттин Пилия - Sputnik Аҧсны
Щемсеттин Пилия

"Аҭыжьра нап аласкаанӡа зегь ҭысҵааит. Иахәҭаны иҟаз амыругақәа зегьы аасхәеит. Ҳҭыжьымҭа аазхәоз ирҳәон раҳаҭ-лукум Ҭырқәтәылатәи агьамагьы ыҟам аҽа гьамакгьы иузеиԥшыншьалом ҳәа. Аратәи алукум иаласҵо зегьы рекологиа цқьоуп, аҭыԥан иаадрыхыз роуп. Урыстәылатәи фирмакгьы уи аинтерес кны иҳадыргалеит аусеицура. Ҳаилаӡара инақәыршәаны есымза жәа-тоннак рҟынӡа аархәоит ҳара ҳҟынтәи. Абақь иақәу уазхьаԥшны иуҳәар алшоит аԥсуа биуџьет ицәгьамкәа аԥара алаагалоит ҳәа", — иҳәоит Ԥлиа.

Иара игәаанагарала ажәлар ртәыла аизҳазыӷьаразы рхы иамеигӡозароуп.

"Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа санаа аҩны сыдыргалеит, аха мап скит. Исыӡбеит схатә џьабаала исыргыларц. Аӡәы итәы сҭахым, схала схы сахәаратәы сыҟанаҵ. Сара иааҟасҵо зегьы Аԥсноуп иззырхо. Аҳәынҭқарра апроблемақәа рацәаӡоуп. Ҳара ажәлар, урҭ апроблемақәа рыӡбра ҳхы ацәхьаҳамкыроуп, ҳәа азиԥхьаӡоит зыԥсадгьыл ахь ихынҳәыз ҳџьынџьуаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0