Саим Аҩӡба: ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаСаим Аҩӡба
Саим Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Саим Аҩӡба 1992 шықәса рзы Ҭырқәтәылантәи Аԥсныҟа дхынҳәит, дынхоит Аҟәа, дҭаацәароуп, ҩыџьа арԥарцәа драбуп, иара дазааҭгылоит иԥсадгьыл ахь дшыхынҳәызи, аԥсуара шиларааӡази, ихатәы бызшәа шиҵази ртәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

— Саим, Ҭырқәтәыла иарбан қыҭаз уахьынхоз?

— Сара Гәыма ақыҭа сеиуоуп. Уа инхо аԥсуаа изларҳәо ала, амҳаџьырра аныҟала, Аԥснытәи Гәыма аҟынтә уахь инеиқәаз роуп. Ара Гәыма ҳәа ақыҭа ыҟоуп, Шрома ҳәа рҳәон уаанӡа. Ишгәыԥыз ишеицыз ицеит, иахьнеиз дара рқыҭа еиԥшыз қыҭак рыԥшааит, уигьы Гәыма ахьӡырҵеит. Шьха қыҭоуп, ҳаракыроуп, атәымуаа нхаӡом, иахьагьы инхо аԥсуаа рымацара роуп. Уантә ақалақь ахь ацара-аарақәа уадаҩын, ателехәаԥшра рбаӡомызт, ашкол ыҟаӡамызт. Ашьҭахь, ахәбатәи акласс аҟынӡа школк аадыртит. Аԥсуаа рхала уа қыҭак еиднакылон, убри азоуп рлеишәагьы, рқьабзгьы, раԥсуарагьы зеиқәхаз. Иахьа, хымԥада аҭырқәшәа здыруа ыҟоуп уа, аха ҭырқәшәала еицәажәаӡом Гәыма, еицәажәага бызшәас ирымоу аԥсшәа ауп. Ари дара рхала иҟарҵаз акәӡам, ари аԥсабара иҟанаҵаз акоуп. Даара иаԥсыуа қыҭоуп. 

— Саим, Аԥсны аӡбахә шԥауаҳахьаз Ҭырқәтәыла, уҭаацәараҿы иалацәажәозма?

Таифун Арӡынба - Sputnik Аҧсны
Таифун Арӡынба: иахьа сазгәыдууп аԥсышәала сахьцәажәо

— Сара сан д-Ебжьноуԥҳауп. Лаб, Ебжьноу Ахмаҭ, Абжьаҟәантә иқәҵқәаз дреиуоуп. Сара фышықәса-бжьышықәса анысхыҵуаз, сашьеиҳаб Анкаратәи адернеқь аҿы аус иуан. Данаауаз акассетақәа ааигон аԥсышәала ашәақәа зныз. Аҩны магнитафон хәыҷык ҳаман ҳаргьы, хәлаанӡа убри ҳазыӡырҩуан. Нас, абри змааноузеи, иабантәааи, изҳәода?, ҳәа азҵаарақәа ҟасҵо салагеит. Абри Аԥснынтә иаҳзаарышьҭыз акассетоуп, Аԥсны инхо аԥсуаа ҳашьцәа роуп, ҳарҭгьы уахьынтә иааз ҳархылҵшьҭроуп, ҳәа аҭак сырҭо иалагеит. Саргьы маҷ-маҷ уи еилыскаауа салагеит, Аԥсадгьыл шҳамоу, ҳабдуцәа Аԥснынтә ишықәҵыз. Абарҭқәа зегьы ҭысҵаауа салагеит, аԥсуаа рхеидкылақәа рахь, реизарақәа рахь ацара аԥшьызгеит, акәашарагьы салан, хәыҷы-хәыҷла Аԥсадгьыл агәыбылра соуит, амилаҭ ахдырра соуит. 

— Аԥсадгьыл агәыбылра ацуп, уи еиҳагьы иуныруеит атәымџьара, ус аума? Уи уара иԥыушәахьеит.

— Аԥсадгьыл ахь исымоу агәыбылроуп сыԥсадгьыл ахь саазгазгьы. Аибашьра аамҭазы арахь аара сынасыԥ иалазаарын. Санаауазгьы сан ишԥаласҳәари ҳәа сшазхәыцуаз, лара лхала исаԥшьылгеит арахь сааразы. Аҳәаа санахыҵуаз, шықәсы рацәала дгьыл харак џьара сыҟазшәа, сыԥсадгьыл гәхьааганы сыԥсадгьыл ахь сааизшәа убас ацәанырра соуит. Аибашьра аамҭазы арадио аҟны аус зуан. Уи аҩыза аԥышәа сара исымамызт, аха жәашықәса анысхыҵуаз ԥсышәала аҩышьа, аԥхьашьа сҵеит сара схала.

Издыруаз саԥсшәа иабзоураны, ҭырқәшәала ажәабжьқәа еиҭазгон, ԥышәа дук сымазшәа арадио аҟны аусура салагеит. Сара схаҭагьы иџьасшьоит аиаша шәасҳәап. Иахьа уалага ҳәа сарҳәар, исзеиҿымкаар ҟалап, аха усҟан еиҿыскаауан. Амшын нырцә иҟаз ҳашьцәа сыбжьы раҳауан ҭырқәшәала. Ес-ҩаша, ес-хәаша аефирахь ахь сцәырҵуан, хә-минуҭк рҟынӡа аамҭа сыман, убри аамҭа иалагӡан акәын ажәабжьқәа сышрыԥхьоз. Амшын нырцә инхоз аԥсуааи Аԥсадгьыли аигәныҩра бзиа рыбжьан, ацхыраара ӷәӷәа ҟарҵон аибашьра аамҭазы, аидгылара бзиа ыҟан. 

Мунир Кәыџба - Sputnik Аҧсны
Мунир Кәыџба: иахьа ҳаԥсадгьыыл аҿы ҳгәы каршәны ҳанхоит-ҳанҵуеит

Аԥсадгьыл ахь нхара иааз, ара дахьааиз уадаҩрақәак иԥгыланы шьҭахьҟа дхынҳәызар, уи сизыразым. Уабацои, уабагьежьуеи, атәым дгьыл ахь уцома? Уԥсадгьыл уацәгәаар ҟалома? Ара уара иутәуп, даҽаӡәы итәӡам. Аӡәи аӡәи иҳагу еибаҳҳәароуп, ҳаизыраззароуп. Иахьа ҳаибаргәаазаргьы, уаҵәы ҳаинаалароуп. Ауаҩы иԥсадгьыл аҿы дынхозар, анхара иаҵанакуа зегьы рыла иҽеиқәиршәароуп. 

— Аԥсуара ушԥазыҟоу, иарбан ԥҟарақәоу еиҳа иалукаауа?

— Аԥсуа кыҭақәа рҟны иҟаз аҭагылазаашьа ауп еиқәзырхаз аԥсуара. Аиҳаби аиҵби реизыӡырҩра ыҟоуп, уи аҩыза аихаҵгылара аныҟала, иҟаҵатәуп ҳәа иаҳҳәақәо зегьы ҟалоит. Аԥсуа ичеиџьыка еснагь иҭбаауп, пату ақәуп, иԥшӡоуп. Аишәаҿы ишыԥшӡо еиԥш, аԥсҭазаараҿгьы убас иԥшӡазароуп, аԥсҭазаара иагәылалароуп. Аҳаҭыреиқәҵара бзиа аныҟала, иахьа уиаҟара азакәанқәа аҭахымхар ҟалоит. Азакәан ыҟоуп аус ауӡом, аус замуа ҳлеишәа маҷк иаҳцәыӡит азоуп ҳәа агәаанагара сымоуп. Аҳәаанырцә аус зуа зыхьӡ нагоу ауаа, аинралцәа уҳәа, Сириа, Ҭырқәтәыла даара ирацәаҩуп, пату рықәуп. Избанзар, аԥсуара ныҟәызгоз, алеишәа змаз аԥсуа ҭаацәарақәа ирылҵит. Ҳхы амаҵ бзианы иаҳуроуп. 

— Ахатәы бызшәа аҭагылазаашьа шԥаудукылои, Саим?

— Аԥсуа бызшәа аиқәырхара ҳҳәоит, иаҳцәыхароушәа иҟалоит, англыз бызшәа аиқәырхара акәушәа исзааиуеит. Ҳбызшәа аиқәырхара ҳаԥсадгьыл аҿы алацәажәара ԥхашьароушәа збоит. Абызшәа аиқәырхара здыруа сара сакәӡам, сара сеиҳа здыруа ауаа ыҟоуп. Ацәажәарала ауп ишыҟало, аҩнеиҩныҵҟа, адәны. Иахьа, аԥсуа бызшәа аветрина иҭакызшәа иҟалеит. Ақыҭаҿы ҳнеир ԥсышәала ҳаицәажәоит, избанзар иааҳбо зегьы уа ԥсышәала ицәажәоит. Ақалақь аҿы ҳанааилак, адәыҵәҟьа иаҳбо даҽа бызшәак ала ицәажәоит, иара аҭӡамцгьы еиҳарак даҽа бызшәак алоуп ишцәажәо. Аԥсуа бызшәа ԥсыс ирхазароуп зегьы. Ҳарҭ аԥеиԥш бзиа змоу жәларуп. Аӡәк иеиԥш, ҭаҷкәымк иеиԥш ҳҟаланы ҳаидгыларц, амра каххаа иҳазкаԥхарц сҭахуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0