Ажәабжьҳәаҩ Кәаӡба Аҳмеҭ: Қәычықә имацара иакәын зкәадыр алым ацәала ихҟьаз

Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла, Малан ақыҭан инхоз, 84 шықәса зхыҵуаз Кәаӡба Аҳмеҭ Ажьгьери-иԥа Қәычықә алым шыишьыз еиҭеиҳәеит.

Зыӡбахә иахьа ҳара ҳҟынӡа иааӡаз Ажьгьери-иԥа Қәычықә Аԥсны зегьы еицырдыруаз фырхаҵан. Ажьгьери-иԥа Қәычықә бџьарла деиқәных Ҟәыбина аԥшаҳәа ихьчон. Иара имбакәа ҵыскгьы захыԥраауамызт рҳәоит. Ажәабжьҳәацәа ишырҳәо ала, Ажьгьери-иԥа Қәычықә Ҟабарда аҳас дыҟан. Усҟан Ҟабарда Аԥсны иахәҭакын. Қәычықә даара дхаҵа ӷьеҩын. Иара дзықәтәаз аҽы акәадыр алым ацәала ихҟьан. Усҟанәи аамҭақәа рзы иара имацара иакәын зкәадыр алым ацәала ихҟьаз. Иара алымқәа цәгьала дреишәарыцон рҳәоит. Иара убас алымқәа иреишәарыцон Ԥшькьаҿ-иԥа Манчеи Абаҭаа Беслани.

Ажәабжьқәа зегьы
0