Аҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит

© Фото : Дуниа ҶкәанАҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит
Аҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гирне ақалақь аҟны имҩаԥысуаз раԥхьатәи ахәмарраҿы 76:59 ҳәа аԥыжәара рыманы аԥсуаа аиааира ргеит.

АҞӘА, лаҵ 29 — Sputnik, Сырма Ашәԥҳа. Арҭ амшқәа рзы Ҭырқәтәыла, Аҩадатәи Кипр имҩаԥысуа амҵәышәымпылтә еицлабра Аԥснытәи акоманда ахәмарыҩцәа иахьа аиааира ргеит.

Гирне ақалақь аҟны имҩаԥысуаз ахәмарраҿы 76:59 ҳәа аԥыжәара рыманы аԥсуаа аиааира ргеит. Ари раԥхьатәи хәмарроуп атурнир аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа. Анаҩстәи ахәмаррақәа мҩаԥысуеит Аҩадатәи Кипр егьырҭ ақалақьқәа рҟны.

Аҭыԥан инхо Кавказти ажәларқәа рхаҭарнакцәа Аԥснытәи ахәмарыҩцәа адгылареи агәышьҭыхреи рацәаны ирырҭон.

"Ҳара даара гәахәарыла иҳадаҳкылеит ҳахьыҟоу атәылаҿы аԥшәмацәа ҳашрыдыркылаз. Иахьа қәҿиарала ҳақәгылеит, аиааирагьы ҳгеит. Хымԥада, уи ҳамчқәа ҩбанатәуеит — ҳәа азгәеиҭеит Дуниа Ҷкәан.

Анапылампылтә команда "Аҟәа-Аԥсны" Кипр аицлабра рҽаладырхәуеит

Аԥснытәи акоманда азыҟаҵаҩ хадас дамоуп Давид Бигәаа. Аԥсны абаҩарҵәыреи аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы ахьӡала аделегациа иалахәуп Жанна Занҭариаԥҳаи, Ельза Ҳагԥҳаи.

"Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь игәаларшәара ахьӡала ԥхынгәымзазы Аԥсны имҩаԥысраны иҟоу амҵәышәымпылтә еицлабра хымԥада ҳхы алаҳархәуеит", — Аҩадатәи Кипр амҵәышәымпылтә федерациа ахада Ерҭун Наасыроглы.

Иахьатәи ахәмаррақәа рышьҭахь имҩаԥысит Кипртәи апарламент ахадеи ҳкоманда ахаҭарнакцәеи реиԥылара. Уаҟа ирылацәажәеит ԥхьаҟатәи аимадарақәа рырӷәӷәара азҵаарақәа.

© Фото : Дуниа ҶкәанАҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит
Аҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит - Sputnik Аҧсны
Аҩадатәи Кипр иҟоу Аԥснытәи амҵәышәымпыл асыҩцәа иахьа аиааира ргеит
Ажәабжьқәа зегьы
0