Цандрыԥшь аҳабла аԥсшьаҩцәа раҭаара иазыԥшуп

© Sputnik / Саида ЖибаПляж.
Пляж. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цандрыԥшь аҳаблаҿы имҩаԥысуеит акурорттә аамҭа аҽазыҟаҵаразы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы.

ГАГРА, лаҵ 4 – Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Иахьазы аҳаблаҟны амҩа иаԥну аҵлақәа рхырҿҿара иаҿуп, ишьақәдыргылоит афымцалашара, иҭдырҭәаауеит иҭаԥҽу амҩақәа.

"Ҳара ҳусура аграфик шьақәдыргылеит араионзегьтәи асабшақәа ирықәыршәаны. Аҳабла анапхгареи анхарҭатә усбарҭеи ҳамч еибыҭан иаҳрыцқьеит амшын аԥшаҳәа, амҩа хада, еилаҳхит аҵиаақәа. Даҽа шықәсык еиԥшымкәа Цандрыԥшь аҳабла иазыхиоуп акурортә аамҭа", – азгәеиҭеит аҳабла Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Даур Чычба.

Аԥхынтәи аамҭазы аусура арӷәӷәоит Цандрыԥшь амилициа. Есыуаха аҳабла аҩнуҵҟа имҩаԥыргоит агәаҭарақәа.

Аҳабла ахадара иалнаршеит сынтәатәи ашықәс азы Ԥсоу аҳәааҟынтә аҳаблахь атранспорт абжьаҵара. Акурорттә аамҭазы урҭ ареисқәа мҩаԥыргалоит ҽнакала хәынтә, ахәԥсагьы жәа-мааҭк артәалоит.

Цандрыԥшь аҳаблаҟны иахьа аԥсашьаҩцәа рыдыркылоит иҳәынҭқарратәу аԥсшьарҭа ҩнқәа асасааирҭақәеи аабеи.

Аобиектқәа рнапхгаҩцәагьы аԥсшьарҭа ҩнқәеи асасааирҭақәеи реиҿкаара иаҿуп, имҩаԥыргоит аиҭашьақәыргылара маҷқәа, идрыцқьоит аҵакырадгьылқәа.

Цандрыԥшь аҳабла анапхгара сынтәа аԥсшьаразы иаауа рхыԥхьаӡара акырӡа еиҳахоит ҳәа азырԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0