Гарцкиа: атуристтә информациатә центр Ԥсоу иҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото министра по курортам и туризму Абхазии Автандила Гарцкия
Архивное фото министра по курортам и туризму Абхазии Автандила Гарцкия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа апресс-конференциа мҩаԥигеит 2016 шықәсазтәи акурорттә сезон иазкны.

 АҞӘА, жьҭаара 7 – Sputnik, Бадри Есиава. 2017 шықәса рзы атуристтә информациатә центр Ԥсоу иҟалоит, ҳәа азгәеиҭеит Аԥсны Акурортқәеи атуризми рзы аминистр Авҭандил Гарцкиа апресс-конференциаҟны.

"Апроект мҩаԥгахоит Аԥсны атуризм аҿиара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны", — иҳәеит Гарцкиа ажурналистцәа дрыҿцәажәо.

Иара иажәақәа рыла апрограмма иазоужьу ԥшь-миллион мааҭ аҟынтәи 500 нызқьмааҭ аекскурсиамҩаԥгаҩцәа разыҟаҵара иазырхахоит. Иаанхаз аԥарала аинформациатә центр еиҿкаахоит. Аинформациатә центр иахықәкы хаданы иҟоуп атуристцәа зинтерес рыманы иҟоу аинформациа рыҭара.

"Макьаназы проблеманы иҳамоу ацентр ахьыргылахоу аҭыԥ ауп", — иҳәеит Гарцкиа.

2017 шықәса рзы ихацыркхоит аргыларақәа ҳәа ишьақәирӷәӷәоит аминистр.

Ажәабжьқәа зегьы
0