Ахба: аныҳәамшқәа рзы х-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ҳарзыԥшуп

© SputnikАԥснытәи атуристтә сезон апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысит ахәаша
Аԥснытәи атуристтә сезон апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысит ахәаша - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи атуристтә сезон апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынҷкәын 23 рзы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 — Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи атуристтә сезон апроблемақәа рылацәажәара мҩаԥысит ахәаша, ԥхынҷкәын 23 рзы Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны. Астол гьежь амҩаԥсыраан Аԥсны Акурортқәеи атуризми рминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Ахба иҳәеит аныҳәамшқәа раан х-нызқьҩык рҟынӡа аԥсшьаҩцәа ҳарзыԥшуп ҳәа.

"Амчыбжь анҵәамҭаз иаараны ҳарзыԥшуп аԥсшьаҩцәа. 45 рҟынӡа сасдкыларҭа урҭ раара иазыхиоуп", — иҳәеит Ахба.

Иара убасгьы иҳәеит атәылаҟны ишыҟоу рацәак идуум асасааирҭатә обиектқәа, урҭгьы асасдкылара иазыхиоуп ҳәа. Асасааирҭа дуқәеи асанаториа дуқәеи рзы иуадаҩуп аӡынтә аамҭазы аԥсшьаҩцәа рыдкылара, избанзар аӡынразы афымцамч ахархәара аԥхын аасҭа акыр еиҳаны иаҭаххоит.

Ахба иҳәеит араионқәа рхадарақәеи Акультура аминистрреи ишаздырхиаз аныҳәатә программақәа.

Астоль гьежь аҳәаақәа ирҭагӡаны ирылацәажәан Аԥсны атуризм апроблемақәа жәпакы, ԥхьаҟа урҭ аструктурақәа русеицура амҩаԥгашьа азнеишьа азҵаарақәа ирзааҭгылан. Иара иалахәын акурорттә бизнес ахаҭарнакцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0