Ашьха-Ҟарабах ажәҩан аҳәаақәа аркуп

© Sputnik / Р. Мангасарян / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАшьха Ҟарабах. Архивтә фото.
Ашьха Ҟарабах. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Азербаиџьан ишаанацҳауа ала, Ашьха-Ҟарабах ажәҩан аҳәаақәа аркуп.

АҞӘА, абҵ 13 – Sputnik. Азарбаџьан аӡбарала Ашьха-Ҟарабах аҳаирпланқәа рхыԥраара аанкылоуп.

Уи аԥхьаҟа, Азарбаџьан рырмчқәа Иармантәыла иатәу авертолет Ми-24 карыжьит. Уи зыхҟьаз, Азербаиџьан ахаҭарнакцәа изларҳәо ала, Иармантәыла иатәу авертолет рырмчқәа ирыжәлараз аҽазышәара ахьаанарԥшыз ауп.  

Ашьха-Ҟарабах армчқәа рыпресс-маӡаныҟәгаҩ Сенор Асратиан иҳәеит, икажьыз авертолет Ашьха-Ҟарабах рырмчқәа ишатәу, уи арра-ҽазыҟаҵаратә усмҩаԥгатәқәа ишрылахәыз.

Иармантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра, авертолет аҭархаразы ахара рыднаҵеит Азербаиџьан армчқәа.

 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0