Европаа ргәанала, асанкциақәа Украинатәи акризис аилыргара иахәаӡом

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДонецк
Донецк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аганахь ала асанкциақәа Украина аҭагылазаашьа аиӷьтәра иацхраауеит ҳәа згәы иаанаго рхыҧхьаӡара еиҵуп 20% ыҟоуп, украинатәи акризис аиӷьтәра иацхрааӡом ҳәа згәы иаанаго хәыҷык еиҳауп(28%).

АҞӘА, ҧхҷ 25 – Sputnik. Европатәи Аидгылара Урыстәыла аганахьала иаҧнаҵаз асанкциақәа Украинатәи акризис аҭыҧ аҟны аагара иаҧырхагахеит ҳәа ргәы иаанагоит европаа ахҧатәи рыхәҭа. Абас иҟоу алҵшәақәа ааҧшит Sputnik аҳәарала агенство ICM Research Франциа, Бретаниа Ду, Германиа имҩаҧнагаз азҵаара аҟынтә.

Урыстәыла аганахьала иаҧҵоу асанкциақәа Украина аҭагылазаашьа аилыргара иацхраауеит ҳәа згәы иаанаго рхыҧхьаӡара еиҵуп, 26% ыҟоуп. Украина зҭагылоу акризис арҽеира азы асанкциақәа анырра ҟарымҵаӡеит ҳәа згәы иаанаго рхыҧхьаӡара хәыҷык еиҳауп (28%). Иумбартә залшом уи атемала изызҵаауаз ргәаанагарақәа шеиқәымшәо, тәылас иахьынхо еиԥш. Британиа Ду 40% ареспондентцәа асанкциақәа рнырра бзиоуп ҳәа агәаанагара иадгылоуп, 21% уи мап ацәыркуеит, ргәаанагарала украинатәи акризис арҽеира азы асанкциақәа рлагала ыҟаӡам, ма уи негативтәуп.

Германиа 54% ареспондентцәа ргәаанагарала Урыстәыла аганах ала еиҿкаау асанкциақәа Украина зҭагылоу акризис аӡбара иаҧырхагоуп, асанкциақәа реиҿкаара иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡеит 16%. Франциа атәылауаа абжьаратә ҭагылазаашьа ааныркылеит: иреиҳау ахәҭа 37% ргәанаагарала аҭагылазаашьа аиӷьтәра азы асанкциақәа рлагала ыҟаӡамызт, 30% ареспонденцәа иазгәарҭеит асанкциақәа рнегативтә роль шыҟаз, 23% Урыстәыла аганахьала иаҧҵоу асанкциақәа иахәҭоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит.

Азҵаара мҩаҧган ари ашықәсан, ҧхынчкәын 5 инаркны 17-нӡа. Иалахәын 3013 — ҩык (1001 Великобританиантәи, 1001 Германиантәи, 1011 Франциантәи).
ICM Research иҟанаҵаз аҭҵаара излаҳәо ала, Британиа Дуи Франциеи ртәылауаа рыбжеиҳараҩык Евро-еидгыла Украина афинанстә цхыраара азоужьра иаҿагылоуп. Европатәи Аидгыла ахала иаӡбеит асанкциақәа рыдкылара азҵаара ҳәа ргәы иаанагоит европа ауааҧсыра аҧшьбатәи рыхәҭа. Анемеццәа 40% асанциақәа ирҿагылоуп.

Британиадуааи, афранцызцәеи, анемеццәеи рыбжеиҳараҩык ирҭахуп жәларбжьаратәи аполитика амҩаԥгараҿы Европатәи Аидгыла еиҳа ахы иақәиҭзарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0