Абаталион "Аидар" аибашьцәа Украина аминистрра ахыбра ааныркылеит

© Sputnik / Евгений Котенко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАбаталион "Аидар" амитинг, Архивтә фото.
Абаталион Аидар амитинг, Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абаталион "Аидар" аибашьцәа Украина Атәылахьчара аминистрра аҵакырадгьыл аҭалара рылшеит.

АҞӘА, 3 жәб — Sputnik. Абаталион "Аидар" аибашьцәа Украина Атәылахьчара аминистрра ахыбра ажәылараан аусбарҭа аҭиграф амхны, аҵакырадгьыл ааныркылеит, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Акциа цонаҵы ирыманы иааз амашьынақәа рыкәырқәа рыблит, Украина атәылахьчара аминистр Степан Полтораки  аҩнуҵҟатәи аусқәа рминиср Арсен Авакови дәылҵырц адҵа ҟарҵеит. Аинформциа злаҟоу ала, "Аидар" аибашьцәеи иара убас абаталион "Киевскаиа Русь" аибашьцәа ранацәеи Киев амашьынатә амҩақәа рук адыркит, уи ахарала амҩа аҟны амашьынақәа рныҟәара аанкылан.

Уи аԥхьа амассатә-информациатә хархәагақәа рҟны абаталион апресс-маӡаныҟәгаҩ Иулиа Евдокимова лажәақәа ааго, "Аидар" аиужьра азы аинформациа ҟарҵахьан. Анаҩс абаталион апресс-маӡаныҟәгаҩ уи аинфрмациа мап ацәылкит.

Ажәабжьқәа зегьы
0