Америка адунеи атәылақәа русқәа иахьрылало азы акризисқәа ҟалоит

© AFP 2023 / ALEXANDER NEMENOVАмерика адунеи атәылақәа русқәа иахьрылало азы акризисқәа ҟалоит
Америка адунеи атәылақәа русқәа иахьрылало азы акризисқәа ҟалоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Forbes аполитикатә аналитик Дуг Бендоу ишазгәеиҭо ала Америка адәныҟатәи аполитика абзамыҟәқәа рнапы иануп. Урҭ ргәаанагарала, Америка адунеи аҟны иҟало аиҿагыларақәа аҽаланагалар ауп. Аха ари аҩыза ахымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа еиҳагьы иарцәгьоит.

АҞӘА, жәб 24 – Sputnik. Аҵыхәтәантәи ҩажәашықәса рыҩнуҵаҟа  Америкатә штатқәа адунеи атәылақәа русқәа рыҽрылагалара арыцҳарақәа маҷымкәа иахылҿиаахьеит, иҩуеит Катон Аинститут аҭҵаарадырратә усзуҩ еиҳабы, уаанӡа Америка ахада Рональд Реиган иусбарҭаҟны политикатә аналитикс аус зуаз Дуг Бендоу ажурнал Forbes адаҟьақәа рҟны. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Бендоу иажәақәа рыла, Америка адәныҟатәи аполитика абзамыҟәқәа рнапы иануп. Уи алкаақәа иҟаиҵо рахьтә ихадароу: Еиду Америкатә штатқәа аполитикатә партиақәа рыҩбагь ааԥхьара ҟарҵоит Америка егьырҭ атәылақәа рҟны имҩаԥысуа ахҭысқәа рҽалагалара мап ацәкразы ҳәа. Аибашьра иадгыло амчқәа урҭ рылҵшәа хьанҭақәа хырҩа рырҭом. Ас еиԥш аполитика амҩаԥгара ареспубликанеццәеи адемократцәеи рыбжьара аилибамкаара цәырнагоит. Бендоу иажәақәа рыла, ари аус аҿы аполитикатә партиақәа еицлабуеит.

Бендоу ишазгәеиҭо ала, Вашингтон аиҳабыра ргәы иаанагоит адунеи аҟны иҟоу аконфликтқәа зегьы ирылахәзар ауп ҳәа, ауаажәларрақәа зегьы ириааины дара ртәала рхы мҩаԥырго аҟаҵаразы.

Бендоу иҳәеит, Америка ахымҩаԥгашьа аҭагылазаашьа еиҳагьы ишаруадаҩуа. 

Бендоу Обама игәалаиршәеит ихаҭа иҟаиҵаз ажәалагала "агаӡарақәа рыҟаҵара иаҟәыҵтәуп" ҳәа. Иажәа хыркәшо аналитик иазгәеиҭеит Обама ихаҭа ишьақәиргылаз аполитикатә доктрина ақәныҟәара шилымшо.

Ажәабжьқәа зегьы
0