"Россия сегодня" иҭнажьит Андреи Стенин ифотоальбом "Зона конфликта"

© Sputnik / Михаил Фомичев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАндрей Стенин. Архивтә фото.
Андрей Стенин. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Россия сегодня" иҭнажьит Украина иҭахаз ажурналист Андреи Стенин иусумҭақәа рфотоальбом "Зона конфликта".

АҞӘА, нанҳәа 6 — Sputnik. Андреи Стенин аус ицызуаз иҩызцәа иаздырхиаз иусумҭақәа рфотоальбом "Зона конфликта" ҭыҵит ажурналист игәалашәара амш азы, иара дҭахеижьҭеи шықәсык аҵра инақәыршәаны. Андреи дҭахеит Украина, 2014 шықәса нанҳәа 6 рзы. Андреи иҩызцәа афотоальбом аиқәыршәараан рхы иадырхәеит ифотоархиви имшынҵақәа ранҵамҭақәеи. Альбом "Зона конфликта" ахь иаҵадыркит 2010 шықәса инаркны 2014 шықәсанӡа Украина, Сириа, Ливан, Египет, Ҭырқәтәыла, Ливиа, Кыргызсҭан уҳәа еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Андреи Стенин иҟаиҵоз афотоҭыхымҭақәа 168.

Стенин ажурналистикахь раԥхьатәи ишьаҿақәа еихигеит репортиорк иаҳасабала. Анахыс, арратә фотожурналист изанааҭ алхны, аибашьра иазкны дыҩуан. Андреи Стенин иавтобиографиа ахәҭаки имшынҵақәеи асоциалтә ҳақәа рҟны иқәгыларақәеи рыфрагментқәа алагалоуп альбом ахь комментариақәак рыҳасабала.

"Андреи Стенин иҭыхымҭақәа еснагь аартра ҿыцк еиԥшын. Иара иԥсҭазаара абырсааҭк ала иҿахҵәазаргьы иусумҭақәа ахааназгьы иаанхоит", — ҳәа альбом аԥхьажәаҟны иазгәеиҭеит "Россия сегодня" адиректор хада Дмитрии Киселиов.

Андреи Стенин имшынҵақәеи асоциалтә ҳақәа рҟны иқәгыларақәеи рҟынтәи:

2014 шықәса ԥхынгәы 20: "Иааҟәымҵӡакәа абомбақәа карыжьуеит, реиҳа ишәо аҽыҵәахырҭақәа рахь иҩуеит. Ҽыҵәахырҭасгьы иҟоу, зыгәҭа астол ацәашьы заҵә ххаӡа иқәгылоу аҩны аподвал ауп. Уахынла уаҟа дыцәоит аимадара анџьныр. Ари иара раԥхьатәи икомандировкоуп.

Уаҩы игәы аҳәартә ишыҟамгьы араҟа дыцәазар еиӷьеишьоит аномер аҟны дыцәазар аасҭа. Иара "Дракула" ҳәа хьӡыс ирҭеит".

Арратә еимакқәа рҟны иҟаиҵоз аусумҭақәа Стенин иҟазара алкаан иаадырԥшуан. Иусумҭақәа ҩынтә рыхә ҳаракны иршьахьан аиндаҭлара "Серебряная камера" аҟны. 2014 шықәсазы Украина мрагыларатәи ахәҭаҟны иҟаиҵаз аҭыхымҭа жәларбжьаратәи аиндаҭлара Picture of the Year International (POYi) иалауреатхахьан.

Ажәабжьқәа зегьы
0