"Формула-1" абилеҭқәа рыхәԥса еиҵартәуеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтоспорт. Формула -1. Урыстәыла агран-при.
Автоспорт. Формула -1. Урыстәыла агран-при. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Формула-1" урыстәылатәи ахԥатәи аетап мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥымза 29 инаркны лаҵарамза 1 аҟынӡа Шәача. Еиҳа имариоу абилеҭқәа рыхәԥса 8300 мааҭ рҟынӡа итәоит, иҳәеит урыстәылатәи аетап апромоутер Сергеи Ворабиов.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 4 — Sputnik. 2016 шықәса рзы имҩаԥысуа, Урыстәыла Агран-при аиуразы "Формула-1" акласс иатәу автоеиԥхыныҩларазы адунеи ачемпионат аҟны абилеҭқәа рыхә иагырхахоит, иҳәеит урыстәылатәи аетап апромоутер Сергеи Ворабиов.

"60-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еизараны иҟоуп "Шәача. Автодром" аҟны. Абилеҭқәа рыхәԥсақәа лаҳарҟәит. Ҳара аус адааулоит 2020 шықәса рзы ахәаԥшцәа рхыԥхьаӡара 100-нызқьҩык рҟынӡа инаӡарц. Еиҳа имариоу абилеҭқәа 8 300 мааҭ итәоит, еиҳа зыхә дуу абилеҭқәа – 18 800 мааҭ итәоит", — иҳәеит Ворабиов.

Ахәашаҽны иалагеит 2016 шықәсазы имҩаԥысуа аиндаҭларахь абилеҭқәа рыҭира. "Формула-1" урыстәылатәи ахԥатәи аетап мҩаԥысраны иҟоуп мшаԥымза 29 инаркны лаҵарамза 1 аҟынӡа Шәача. Абилеҭқәа раахәара алшоит автодром асаит аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0