Аконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" хацыркхеит Урыстәылеи Балтиеи

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЖәларбжьаратәи аицлабра "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" алагара иазку апресс-конференциа.
Жәларбжьаратәи аицлабра Левитан еиԥш иаҳҳәоит алагара иазку апресс-конференциа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналистикеи арадиодырраҭареи русхк аҟны апрофессионалцәа аԥшьашаҽны ирыларҳәеит Жәларбжьаратәи аицлабра "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" ишалагаз атәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 28, Sputnik. Сынтәа, Асовет информбиуро 75-шықәса ахыҵра ахьӡала иазыԥхьагәаҭоуп хкы рацәала ауснагӡатәқәа. Аконкурс "Левитан еиԥш иаҳҳәоит" урҭ рыбжьара реиҳа аҵакы зманы иҟоу иреиуоуп.

Ишдыру еиԥш, Асовинформбиуро аԥҵан аибашьра ианалага ахԥатәи амш аҽны. Раԥхьатәи адикторс дыҟан Иури Борис-иԥа Левитан. Аха уи мацара иадҳәалам аконкурс ахьӡ асеиԥш аҟалара.

"Иахьатәи аамҭазы Левитан атәылаҟны дарбанызаалак зегьы деицырдыруеит. Иара ибжьы Аиааира иабжьуп. Уажәы, аурыс бызшәа еиуеиԥшым аныррақәа анамоу, аҽанаԥсахуа ҳара иҳаӡбеит Левитан иенергиа аҭахны иҟоуп ҳәа", — иҳәеит аконкурс аартраан Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура  "Россиа сегодниа" адиректор хада Дмитри Киселев.

Киселев инаҵшьны ишазгәеиҭаз ала амҩаԥгаҩцәеи адикторцәеи Левитан ибжьы рҽеиԥштәра акәӡам хықәкны иҟоу. Дара ирылдыршароуп Левитан ибжьы азыӡырыҩцәа рыгәқәа рҟны ицәырнагоз аҭакҟаҵара еиԥшу агәыҵхарақәа раарԥшра.

"Уи — артистизмра, ииашан иалкаау аинтонациа, иуҳәо иаанаго гәыла-ԥсыла аилкаара, ахатәы бызшәа аҳаҭыр ақәҵареи бзиа абареи роуп", — иҳәеит Киселев.

Арежиссиор, арадиомҩаԥгаҩы Леонид Сигин, ажиури алахәыла, иазгәеиҭеит иара изы аконкурс даара агәыхыҭхыҭра изаанагараны ишыҟоу, избанзар иара иалнаршоит аамҭала шьҭахьҟа иргьыжьра, Левитани иареи амикрафон аҿаԥхьа Асовинформбиуро асводкақәа ианрыԥхьоз ахь игәалашәарақәа рырхынҳәра.

Аконкурс рхы аладырхәырц рылшоит Урыстәылатәи ажурналистцәа рыдагьы Зхы иақәиҭу Аимабзиара атәылақәеи Балтиатәи ареспубликақәеи рҟынтәгьы. Урҭ дара ртәылақәа рҟноуп иалкаахар ахьрылшо. Иаҳҳәап Киргизиатәи амҩаԥгаҩ иара итәылаҟноуп аиндаҭлара ахьилшо.

"Адкыларақәа иахьа ҳрылагоит, мшаԥымза 15 рҟынӡагьы имҩаԥаагалоит. Алахәразы иааҳаԥхьоит ажәабжьқәа рымҩаԥгаҩцәа, акорреспондентцәа. Зхы аазырԥшыр зҭаху, зыбжьы раҳар зҭаху зегьы арахь", — иҳәоит Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россиа сегодниа" адырраҟаҵара адирекциа адиректор Алексеи Орлов.

Аицлабра алахәра мариоуп: иахәҭаны иҟоуп иарбанызаалак Левитан исводкак абжьы ахаҵара, нас уи аконкурс аԥошьҭахь аашьҭра. Ажиури алахәылацәа аусурақәа рыхә ршьоит хаҭа-хаҭала, иазхьаԥшуеит адиктортә дыррақәа, алшарақәа, аҳәашьақәа, ацәажәаратә ҟазара.

Орлов алахәылацәа шазхьеирԥшыз еиԥш ирылдыршароуп Левитан ишилшоз еиԥшны, атрадициақәа еиқәырханы, ашьҭреимадара иқәныҟәаны ахӡыргара.

Ахԥышәара азин рымоуп апрофессионалтә журналистцәа реиԥш астудентцәагьы, ҿыц ари аус знапы алазкуагьы. Ԥхынгәымзазы иаиааиз Москваҟа днарыԥхьоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0