Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны Дездемона лпартиа налыгӡоит

© Foto / hiblaАԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа
Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ниу-Иорк аоператә ҩны аҟны Дездемона лроль Хьыбла лзы аԥшьбатәиуп. Уаанӡа лара араҟа иналыгӡахьан: Антонии "Гофман илакәқәа" аҟны, Мими "Богема" аҟны, Лиу "Турандот" аҟны.

АҞӘА, мшаԥымза 21 — Sputnik. Хьыбла Гьерзмааԥҳа раԥхьаӡа акәны иналыгӡеит Дездемона лроль Верди иопера "Отелло" аҟны. Адебиут мҩаԥысит Метрополитен-опера аҟны. Абри ақәгылара иадҳәалоу ҳзеиҭалҳәеит Хьыбла.

Лара адебиут алагамҭаз агәҭынчымра лыман, аха Хьыбла л-Дездемона Ниу-Иорктәи азыӡырыҩцәа даара иԥханы дрыдыркылеит. Игыланы, акраамҭа еихымсыӷьуаз напенҟьарыла рыбзиабара лдырбеит.

Асцена "аномер акы"

Дездемона лроль Хьыбла илыдыргалеит ҩышықәса раԥхьа.

"Сара исыдыргалаз гәахәарыла исыдыскылеит. Метрополитен схатә театр ашьҭахь актәи ауп ҳәа исыԥхьаӡоит. Дездемона лроль еиԥшу ароль Метрополитен анагӡара ахәшьара ду ацуп", — лҳәеит лара.

Арепетициақәа дрылагеит 2015 шықәа жьҭаарамзазы. Лара лзы ари ароль аԥшьбатәиуп Метрополитен асценаҟны. Уаанӡа лара араҟа иналыгӡахьан: Антонии "Гофман илакәқәа" аҟны, Мими "Богема" аҟны, Лиу "Турандот" аҟны.

"Зегь раасҭа ихадоу – ашәаҳәаҩ иҟалҵо анылдыруоуп. Дездемона лпартиа "сара истәуп", бжьыла аума, темпераментла аума, ҟазшьала аума – зынӡа исзааигәоуп. Сфырԥҳәысцәа "Сыӡӷабцәа" ҳәа хьӡыс ирысҭоит. "Сыӡӷаб" Дездемонагьы сара даара бзиа дызбоит. Исылшо зегь ҟасҵоит с-Дездемона бзиа дырбарацы", — лҳәоит Хьыбла.

"Отелло" ҿыц ықәиргылеит Барлетт Шир. Уи Мет-опера асезон ҿыц хнартит. Адирижиор Адам Фишери Хьыблеи аус еицырухьеит Лондони Венеи рысценақәа рҟны. Отелло ироль назыгӡо Мариинтәи атеатр артист Александр Антоненкои лареи уаанӡа ишеибадыруазгьы аусеицура рықәымшәацызт.

П.И. Чаиковски ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә консерваториа Азал ду аҟны имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи жәлар рартистка Хьыбла Гьерзмааԥҳа лконцерт. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ашаеҵәа Москва рнапы лзеинырҟьон

Арепетициаҟны аҳамҭа

Метрополитен имҩаԥысуаз арепитициаан Хьыбла илаҳаит "Ахьтәы сабарда" шланашьахаз, Луиджи Керубини иопера "Медеиа" аҟны иреиӷьу аԥҳәыс лроль азы. Аԥхьахә анашьара ацеремониа мҩаԥысит Москва, мшаԥымза 16 рзы.

Москва, Станиславскии Немировичи-Данченкои ртеатр аҟны Александр Титель иавангардтә қәыргылаҟны аума, Верди "Отелло" аҟны аума Хьыбла агәра лгоит арежиссиор ииҳәо дықәныҟәо анагӡаҩ ихатәгьы шиԥшаауа. "Иара абри ауп ашәаҳәаҩ анцәа илаҭәеишьо – иудыргало аҭагылазаашьақәа рыдкылара, аҿыц ацәыргара. Ҳара зегьы ҳалшозароуп", — лҳәоит ашәаҳәаҩ.

Верди иаамҭа

Лрепертуар акырӡа ишыҭбааугьы, Дездемона Хьыбла лзы ахԥатәи хаҿуп. Уаанӡа лара иналыгӡахьан: "Реквием", Виолетта лроль "Травиата" аҟны.

"Дарбанызаалак ашәаҳәаҩ имоуп ихатәы етап – ибжьы даназыӡырыҩуа. Сара даара игәынкыланы сыбжьы сазыӡырыҩуеит. Иара инақәыршәаны иалысхуеит срепертуаргьы. Уажәы уи Верди инаалоит", — лҳәоит Хьыбла.

"Отелло" Метрополитен-опера асценаҟны ицоит лаҵарамза 6 рҟынӡа, ааԥынтәи асезон иалагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0