Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рыбжьара атауареикәыршара шьҭыххоит

© flickr.comАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Аекономика аминистр Нихат Зеибекчи Sputnik иеиҭаз аексклиузивтә интервиу аҟны иҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара ашьҭахь Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рекономикатә усеицура шеизҳауа атәы.

АҞӘА, ԥхынгәы 13– Sputnik. Ҭырқәтәыла Аекономика аминистр Нихат Зеибекчи Sputnik иеиҭаз аексклиузивтә интервиу аҟны иҳәеит ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара ашьҭахь Ҭырқәтәылеи Урыстәылеи рекономикатә усеицура шеизҳауа атәы. Иара иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла гәҭакны ишамоу атауареикәыршара 100 миллиард доллар рҟынӡа аизырҳара.

"Аҭыԥ змаз ахҭыс ашьҭахь бжьымз заҵәык шакәугьы иҵуа атауареикәыршара абриаҟара илаҟәит абри аамҭала", — иҳәеит Зеибекчи.

Зеибекчи иажәақәа рыла иазыԥхьагәаҭоуп аекономикеи, ақыҭанхамҩеи, атуризми, аенергетикеи рминистрцәа злахәу аиԥыларақәа рымҩаԥгара. Ԥхьаҟатәи аиныррақәа рзы.

Ҭырқәтәыла Аԥыза-министр Аҳмаҭ Давутоглу. Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Давутоглу: Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи еимадазароуп

"Шанхаи аиԥылара ҳаман Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Алексеи Лихачеви сареи. Уаанӡагьы Аекономика аминистр Алексеи Улиукаеви сареи ҭелла ҳаицәажәон. Иаарласны гәҭакны иҳамоуп аиԥылара аиҿкаара. Иҟалоит иара Казан ма Москва имҩаԥысыр", — иҳәеит иара.

Зеибекчи агазмҩангага "Турецкий поток" ашьҭаҵара иадҳәалоу аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра анбазыԥхьагәаҭахои ҳәа иҭаз азҵаара аҭак ҟаиҵеит, уи аенергетика аминистрцәа ркомпетенциоуп изҵазкуа ҳәа.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьаақәа уадаҩхеит ҭырқәтәылатәи аруаа урыстәылатәи аҳаирыплан Су-24 анкарыжь ашьҭахь. Абри аинцидент ашьҭахь Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин инапы аҵаиҩит Ҭырқәтәыла аганахьала асанкциақәа.

Ахҭыс иахҟьаны Ҭырқәтәыла Ахада Таиип Эрдоган аҭамзаара анышьҭеиҵа ашьҭахь Владимир Путин рашәарамза 30 2016 шықәса рзы урҭ асанкциақәа аԥызхуа Адҵа инапы аҵеиҩит.

Ажәабжьқәа зегьы
0