Астатус шьақәыргылам: европааи америкааи Ҟрым азы ргәаанагара

© Sputnik / Сергей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраИалта
Иалта - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Европааи америкааи Ҟрым астатус азы ргәаанагара 2017 шықәса жәабранмзазы иеилнакаауан жәларбжьаратәи аҭҵааратә еилахәыра TNS Global..

АҞӘА, хәажәкыра 14 — Sputnik. Европеи Америкеи руааԥсыра реиҳараҩык Ҟрым зинтә статус иамоу рыздырам. Азҵаарақәа мҩаԥган 5 000-ҩык ауааԥсыра рыбжьара.

TNS Global аусзуҩцәа Франциа, Германиа, Италиа, Британиа Ду, ЕАШ (США) руааԥсыра иразҵаауан.

Зегьы еицрырҭон азҵаара: "Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны ишәыԥхьаӡома", ҳәа.

европааи америкааи еиԥшымкәа НАТО ахәшьара арҭоит - Sputnik Аҧсны
Sputnik. Агәаанагарақәа: европааи америкааи еиԥшымкәа НАТО ахәшьара арҭоит

Франциеи Британиеи рҟны ареспондентцәа рыбжаҩык уи аҭак ҳаздырам ҳәа рҳәеит. Америка акәзар, изазҵааз реиҳараҩык Ҟрым астатус азы ҭак рымам. Италиеи Германиеи рҟны абри азҵаара аҭак ззыҟамҵо еиҵоуп.

Азҵаарақәа рҭакқәа реихшьаалақәа абас иҟоуп: Франциа 20% ареспондентцәа Ҟрым Урыстәыла иахәҭакуп рҳәеит, 32% Ҟрым Урыстәыла акәӡам рҳәеит, 48% уи зынӡагьы аҭак рзамҭеит.

Германиа Ҟрым Урыстәыла иахәҭакны иахәаԥшуеит 36%, уи иақәшаҳаҭым 41%, аҭак рымам – 23%.

Италиа: 34% Ҟрым Урыстәыла иатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит, 32% — Урыстәыла иатәым рҳәоит, 34% уи атема интерес ирымкӡацт.

Британиа Ду аҟны Ҟрым Урыстәыла иатәуп рҳәоит 26%, уи иақәшаҳаҭым – 30%, азҵаара аинтерес рымам 44%.

Америка 51% Ҟрым астатус рыздырам, уи Урыстәыла иахәҭоуп рҳәоит 23%, Урыстәыла иахәҭакым ҳәа иршьоит 26%.

Аҭҵаарақәа мҩаԥгоуп апроект Sputnik. Агәаанагарақәа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0