Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҟны аԥхынтәи асезон аан аволонтиорцәа аус рулоит

© Sputnik / Михаил Мокрушин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраШәачатәи аҳаиртә баӷәаза
Шәачатәи аҳаиртә баӷәаза - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҟны аволонтиорцәа аусура иалагоит амаҵзура арццакразы, апассаџьырцәа иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы.

АҞӘА, хәажәкыра 21 – Sputnik. Жәларбжьаратәи аҳаиртә баӷәазаҟны аволонтиорцәа аусура иалагоит амаҵзура арццакразы, апассаџьырцәа иахәҭоу ацхыраара рыҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит аилахәыра "Базэл Аэро", ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.

Аԥхынтәи асезон азы Шәачатәи аҳаиртә баӷәазаҟны аусура иалагоит аволонтиорцәа, русура хацдыркуеит ановигациатә рбагақәа. Арҭ зегьы ззырхоу апассаџьырцәа аҳаирбаӷәазатә комплекс аҟны еиҳа имарианы ирҭаху аԥшаара, аилкаара иазырхоуп.

"Аволонтиорцәа ируалуп апассаџьырцәа ашәҟәҭаҩра рахысраан рыцхраара, иара убасгьы ицәырҵыр зылшо азҵаарақәа рганахь ала аконсультациақәа рыҟаҵара", ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Апассаџьырцәа инарҭбаау аинформациа рыҭара ахаҭабзиара аҳаракразы аԥхынтә сезон аан ановигациатә рбагақәа рхыԥхьаӡара иацҵахоит.

"Аҳаирбаӷәазатә комплекс аҟны ановигациатә рбагақәа ахьыҟам ҭыԥ ҟалом. Уи иалнаршоит апассаџьырцәа ироуа адыррақәа реизырҳара, дара аҭаҩра ианаамҭоу рахысра", аҳәоит адырраҭараҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0