"Ты супер!" аконкурсантцәа Бари Алибасови агәыԥ "На-На" алахәылацәеи ирԥылеит

© Sputnik Anton Devyatkin"Ты супер!" аконкурсантцәа Бари Алибасови агәыԥ "На-На" алахәылацәеи ирԥылеит
Ты супер! аконкурсантцәа Бари Алибасови агәыԥ На-На алахәылацәеи ирԥылеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашоу "Ты супер!" алахәылацәа Роман Корнееви Влад Лоскутови сасны ирҭан еицырдыруа апродиусер, амузыкант, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Бари Алибасоваи агәыԥ "На-На" амузыкантцәа Виачеслав Жеребкини Владимир Политови.

АҞӘА, хәажәкыра 24 — Sputnik. Ашоу "Ты супер!" алахәылацәа Роман Корнееви Влад Лоскутови абжьагарақәа роуит еицырдыруа апродиусер, амузыкант, Урыстәыла зҽаԥсазтәыз артист Бари Алибасоваи агәыԥ "На-На" амузыкантцәа Виачеслав Жеребкини Владимир Политови рҟынтәи.

Аконкурс Ты супер! алахщылацәа - Sputnik Аҧсны
Апроект "Ты супер!" аԥсихолог: ахәыҷқәа ҭаацәак реиԥш еишьцылт

Ашәаҳәаҩ Виачеслав Жеребкин иазгәеиҭеит агәахәара шинаҭо дара амузыка, ашәаҳәара аинтерес ахьрымоу, урҭ рымаӡақәа рыҵдыраара ахьырҭаху.

"Сгәы иаанагоит аԥеиԥш бзиа змоу хәыҷқәоуп ҳәа. Гәык-ԥсык ала исҭахуп еицырдыруа артистцәаны иҟаларц, рыгәҭакқәа наӡарц", — иҳәеит Жеребкин. Апроект "Ты супер!" мҩаԥысуеит Урыстәыла Аҵареи аҵарадырреи рминистрра адгыларала. Апроект амҩаԥгаҩыс дҟалоит Вадим Такмениов. Ахәыҷтәы вокалтә еиндаҭлара "Ты супер!" мҩаԥысуеит ателеканал НТВ аҟны жәабран 11 инаркны. Апроект азы инарҭбаау аинформациа аиура алшоит НТВ асаит аҟны. Ашоу иазку ажәабжьқәа рдырра шәылшоит Sputnik Аԥсны аресурсқәа рҟны. Аинформациатә маҵзуреи арадио Sputnik хылаԥшра арҭоит аиндаҭлара амҩаԥысшьа.

Апроект иалахәуп: Урыстәыла, Аԥсны, Азербаиџьан, Ермантәыла, Белоруссиа, Қырҭтәыла, Ҟазахсҭан, Киргизиа, Молдавиа, Украина, Естониа, Аахыҵ Уаԥстәыла рҟынтәи ашәаҳәаҩцәа қәыԥшцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0