Польша ахҵәацәа мап рыцәнакуеит

© Sputnik / Сергей Строителев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПольша ахҵәацәа мап рыцәнакуеит
Польша ахҵәацәа мап рыцәнакуеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Польша ахҵәацәа рыдкылара мап ацәнакуеит, урҭ атәыла ашәарҭадара ҵыршәаауеит ҳәа иԥхьаӡаны, иҳәоит апартиа "Право и справедливость" (PiS) ахада Иарослав Качиньски.

АҞӘА, лаҵарамза 22 — Sputnik. Польша ахҵәацәа рыдкылара мап ацәнакуеит, урҭ атәыла ашәарҭадара ҵыршәаауеит ҳәа иԥхьаӡаны иҳәоит апартиа "Право и справедливость" (PiS) ахада Иарослав Качиньски. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Польша мап ацәнакит Евроеидгыла апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны арабтәылақәа рҟынтәи ахҵәацәа рыдкылара. Атәыла Аԥыза-министр Беата Шидло аҳәамҭа ҟалҵеит, ари атәыла анапхгара рофициалтә позициоуп ҳәа.

Атәыла анапхгара изныкымкәа аҳәамҭа ҟарҵахьан амигрантцәа ацхыраара рыҭара ишазыхиоу, аха иара убри аан урҭ атәылахь нхара ҳәа рынашьҭра мап шацәыркуа азы.

Качиньски иажәақәа рыла "ари амеханизм ушьҭан аанкылашьа змоуа, шьҭахьҟагьы иузмырхынҳәуа" механизмуп.

"Амигрантцәа рганахь ала агрессиа аанкылара ҳҭаххаргьы арепрессиақәа ҳхы иаҳархәароуп. Арепрессиақәа ҳхы иаҳархәар – усҟан шәнацистцәоуп ҳахьыӡхоит. Ҳара асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ахалагалара мап ацәаҳкуеит", — иҳәеит иара.

Уаанӡа, аҩашаҽны. Амиграциеи аҩныҵҟатә усқәеи, атәылауаҩреи рзы Еврокомиссарс иҟоу Димитрис Аврамопулос иҳәеит, Еврокомиссиа ишагәҭаку рашәарамзазы Польшеи Венгриеи асанкциақәа рыдҟаҵалара, арҭ аҩ-тәылак ахҵәацәа ԥхьаҟагьы рыдкылара мап ацәыркыр.

2015 шықәса рзы Европатәи ахеилак Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны бжьеиҳала аӡбра рыдыркылеит 28 тәыла рҟынтәи 23 тәыла рҟны ахҵәацәа ндырхарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0