Шьамтәыла аинышәара иадгылаз рхыԥхьаӡара иацлеит

© Sputnik / Михаил Алаеддин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото восточных кварталов Алеппо
Архивное фото восточных кварталов Алеппо - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа абџьар ахархәара аанкыларазы анапы рыҵаҩуп аиқәшаҳаҭрақәа фба.

АҞӘА, лаҵарамза 29 — Sputnik. Шьамтәыла уахыки-ҽнаки рыҩныҵҟа абџьар ахархәара аанкыларазы анапы рыҵаҩуп аиқәшаҳаҭрақәа фба. Уажәы аиқәшаҳаҭрақәа рхыԥхьаӡара наӡоит 1514 рҟынӡа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Иахьатәи аамҭазы аиқәшаҳаҭрақәа рхыԥхьаӡара наӡоит 1514 рҟынӡа", ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Уажәы аинышәара иадгылан аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит Ес-Сувеида апровинциа иаҵанакуа аиланхарҭа ҭыԥқәа: Ет-Тера, Самиа, Ель-Мазраа, Караха, Сахвет-Блата, Самма.

Аибашьра аанкыларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥыргоит апровинциақәа: Алеппо, Дамаск, Хама, Хомс, Ель-Кунеитра.

Амш аҩныҵҟа имҩаԥгоуп агуманитартә акциақәа фба Алеппо ақалақь аҟны. Уахь инагоуп х-тоннак рҟынӡа афатә-ажәтә.

Латакиаҟа инагоуп 1,8 тонна агуманитартә цхыраара. Иааидкыланы 4,8 тонна афатә-ажәтә рызшоуп 1524-ҩык ауааԥсыра.

Иааидкылан сынтәатәи ашықәс 1275 гуманитартә акциа мҩаԥыргахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0