Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәанаҭоит ахьыԥшымра 25-шықәса ахыҵра

© Sputnik Алексей Ковалев Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәанаҭоит ахьыԥшымра 25-шықәса ахыҵра
Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәанаҭоит ахьыԥшымра 25-шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу Асовет 1992 шықәса лаҵарамза 29 рзы ирыдыркылеит ахьыԥшымразы Акт.

АҞӘА, лаҵарамза 29 — Sputnik. Аахыҵ Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу Асовет 1992 шықәса лаҵарамза 29 рзы ирыдыркылеит ахьыԥшымразы Акт. Иахьа Аахыҵ Уаԥстәыла иазгәанаҭоит абри арыцхә 25-шықәса ахыҵра. Абри атәы аанацҳауеит Sputnik Аахыҵ Уаԥстәыла.

1992 шықәса лаҵарамза 29 рзы ирыдыркылан ахьыԥшымразы Акт.

Иара иаԥхьанеиуан ареферендум. Ареферендум аҟны ареспублика ауаажәларра еицҿакрыла иақәшаҳаҭхеит Қырҭтәыла иаҟәыҵны ахазынхара.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: Аҟәеи Цхинвали реизыҟазаашьақәа дырӷәӷәалоит

Ахьыԥшымраз Акт адкылара иара убасгьы ихымԥадатәины иҟалеит Қырҭтәыла бџьаршьҭыхрыла имҩаԥнагаз ақәылара. 1980-тәи ашықәсқәа рзы Қырҭтәыла зхы ыҵызхыз анационализм аизыҟазаашьақәа акыр идыруадаҩит.

1989 шықәса абҵарамза 10 рзы Аахыҵ уаԥстәылатәи жәлар рдепутатцәа Рхеилак XII асессиаҟны иаднакылеит аӡбра, Қырҭтәылатәи ССР иалахәны автономтә республиканы аҟаларазы.

Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум асеиԥш аӡбра конституциатәым ҳәа ахнаҳәааит.

1990 шықәса цәыббра 20 рзы Аахыҵ Уаԥстәылатәи жәлар рдепутатцәа роблосттә совет иаӡбеит Аахыҵ Уаԥстәылатәи автономтә область Аахыҵ Уаԥстәылатәи Асоветтә демократиатә республика ҳәа ахьыӡхарц.

Ирыдкылан аҳәынҭқарратә суверенитет азы Адекларациа. 1990 шықәса ԥхынҷкәынмзазы Қырҭтәылатәи ССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аахыҵ

Уаԥстәылатәи автономтә область аԥыхны аҭагылазаашьа ҷыда аԥнаҵеит Цхинвал ақалақь аҿи Џьуартәи араион аҿи.

1991 шықәса цәыббра 1 азы Аахыҵ Уаԥстәылатәи жәлар рдепутатцәа РСФСР Иреиҳаӡоу Асовет ахь ааԥхьара ҟарҵеит Аахыҵ Уаԥстәыла Урыстәыла иадларц азы. 1991 шықәса, ԥхынҷкәын 21 рышьҭахь (Асовет Еидгыла анеилаҳа), 1991 шықәса рзы Аахыҵ Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу Асовет иаднакылеит ахьыԥшымразы Адеклорациа.

1992 шықәса ажьырныҳәамзазы ареспубликаҿы имҩаԥысит ареферендум – ареспублика ахьыԥшымрази Урыстәыла адҵарази.

Зыбжьы зҭиз рҟынтәи 99% арҭ азҵаарақәа адгылара рырҭеит.

Абас, Аахыҵ Уаԥстәыла Иреиҳаӡоу Асовет 1992 шықәса лаҵарамза 29 рзы ирыдыркылеит ахьыԥшымразы Акт.

Ахьыԥшымразы Акт шьаҭас иҟаҵаны ирыдкылан аҳәынҭқарратә атрибутқәа зегьы.

1989-1990-тәи ашықәсқәа раан имҩаԥысуаз аполитикатә еиҿагылара бџьаршьҭыхлатәи аибашьрахь икылнагеит.

1992 шықәса рзы ареспубликахь инаган аҭынчра ашьақәыргыларазы Еилаԥсоу амчқәа. 16-шықәса инарзынаԥшуа ареспубликаҟны аамҭа-аамҭала акәымзар иҭынчраны иҟан.

2008 шықәса нанҳәамза 8 рзы ақырҭуа ар Цхинвал иақәлеит. Урыстәылатәи ар ақырҭуа рыр ареспублика аҵакыра иалырцеит. 2008 шықәса нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа иазханаҵеит Аахыҵ Уаԥстәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рхьыԥшымра.

Аиубилеитә рыцхә аҽны ареспубликаҿы имҩаԥысуеит ауаажәларра реизара, иаадыртуеит ацәыргақәҵақәа, аныҳәатә концерт, имҩаԥгахоит ашьапылампыл асраз аветеранцәа рыбжьара ахәмарра. Уи адагьы атәыла Ахада Анатоли Бибилов дырԥылараны дыҟоуп 25-шықәса раԥхьа ахьыԥшымраз акт здызкылаз Апарламент актәи ааԥхьара алахәылацәа.

Лаҵарамза 29, ахьыԥшымразы Акт адкылаар амш атәылаҿы иусура мшым.

Ажәабжьқәа зегьы
0