6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла

© © Sputnik. Игорь НосовАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла. Иҟоу адыррақәа рыла быжьҩык ҭахеит.

АҞӘА, ԥхынгәы 21— Sputnik. 6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла. Иҟоу адыррақәа рыла быжьҩык ҭахеит. Еилабгеит адгьылбжьаха Кос игылаз ажәытә џьаама Дефтердар. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аџьаама Дефтердар ргылан 1725 шықәса рзы.

"Аҵх асааҭ 12 рахь инеиаанӡа аџьаама ахьгылоу аҿаԥхьа ашҭа ду аҟны ахәыҷқәеи адуқәеи неиааиуан. Саргьы схәыҷқәа сыманы уа сыҟан. Иаҳхылаԥшхәу ҳихьчеит", — ҳәа Twitter аҟны илыҩуеит ахархәаҩ Dora K.

6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла. Иҟоу адыррақәа рыла быжьҩык ҭахеит, ахәрақәа роуит 120-ҩык. Иҭахеит ҳәа иԥхьаӡоуп Норвегиатәи атуристцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0