Адгьылҵысраан архитектуратә хыбрақәа ааха роуит

© Тамара КарташеваАдгьылҵысраан архитектуратә хыбрақәа ааха роуит
Адгьылҵысраан архитектуратә хыбрақәа ааха роуит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла.

АҞӘА, ԥхынгәы 21— Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. 6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит акурорттә қалақь Бодрум 10,3 км инацәыхарани атуристцәа зҭаауа абырзен дгьылбжьаха Кос 16,2 км инацәыхарани. Еилабгеит адгьылбжьаха Кос игылаз ажәытә џьаама Дефтердар.

Арадио Sputnik аинтервиу алҭеит адгьылбжьахаҿ зыԥсы зшьоз Урыстәыла атәылауаҩ Тамара Карташиова.

Аԥхьа ҩбаҟа минуҭ иҵысит адгьыл ҳәа еиҭалҳәоит лара.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит Ҭырқәтәыла

"Асааҭ ҩбаҟа ҟалахьан ҳанааԥшыз. Абжьыцәгьа ҳаанарԥшит. Аҩны ауаргьала ианушәа иҵысуан. Ауаа зегьы рыҩнқәа ирдәылҵит. Алашара ыцәеит. Зехьынџьара илашьцаран" ҳәа еиҭалҳәоит Тамара Карташиова.

Аҭыԥантәи ауааԥсыра иаразнакы аҩнқәа рҿы иаанхаз ацхыраара рырҭо, идәылырго иалагеит ҳәа илгәалалрышәоит лара арыцҳара раԥхьатәи аминуҭқәа.

Ԥсыҭбарада еилымгеит адгьылҵысра. Иҟоуп иҭахаз, ихәу. Иҟоуп Афины ақалақь ахь ирышьҭыз ахәышәтәырҭақәа рахь.

"Уажәы адгьылбжьаха иамаз апаромтә еимадара аус ауам. Аҳаирпланқәа рыԥырра аанкылоуп. Саҳәшьеи сареи адгьылҵысра ашьҭахь иҟоу аабоит ҳәа адгьылбжьаха ҳналс-ҩалсит, агәабзиарачаԥарҭақәа рахь ҳнеиит. Зехьынџьара ауаа афатә ԥха рырҭоит, амаҭәа рзыршоит. Аҭыԥантәи ауааԥсыра аусура иҭыҵит" — лҳәоит лара.

6,5 змагнитуда ыҟаз адгьылҵысра ҟалеит ахәаша ауха. Иҟоу адыррақәа рыла иҟоуп иҭахази ахәрақәа заузи. Еилабгеит адгьылбжьаха Кос игылаз ажәытә џьаама Дефтердар.

Аџьаама Дефтердар ргылан 1725 шықәса рзы. Адгьылҵысра аепицентр 10 километрак адгьыл иҵан.

Ажәабжьқәа зегьы
0