Sputnik арабтәи аредакциа ажурналист Мосул ианеихсуаз дақәшәеит

© REUTERS/Thaier Al-SudaniSputnik арабтәи аредакциа ажурналист Мосул ианеихсуаз дақәшәеит
Sputnik арабтәи аредакциа ажурналист Мосул ианеихсуаз дақәшәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажурналисткеи лара дымҩаԥызгоз ирактәи аррамаҵзуҩи аџьаама Ан-Нури агоспиталь ахь инаргеит актәи ацхыраара рыҭаразы.

АҞӘА, ԥхынгәы 24 — Sputnik. Sputnik арабтәи аредакциа ажурналист Сара Нуреддин ирактәи Мосул ианеихсуаз дақәшәеит. Ажурналисткеи лара дымҩаԥызгоз ирактәи аррамаҵзуҩи аџьаама Ан-Нури агоспиталь ахь инаргеит актәи ацхыраара рыҭаразы. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Акорреспондент еиҭалҳәеит лара ианлеихсуаз аамҭазы аџьаама Ан-Нури иацәыхарамкәа аиланхарҭатә раион Аль-Маидантка аҟны аминақәа шыҵырхуаз ҭылхуан. Ахқәа реиҳарак заахаз ажурналист лакәымкәа аррамаҵзуҩы иоуп.

"Асолдаҭ ишьапы ахқәа хәба алоуп. Сара рацәак ибаргәым ахәрақәа сымоуп", ҳәа еиҭалҳәоит Нуреддин.

Ажурналистка илылшеит ирактәи аотриадқәа рыррамаҵзурауаа лыҽрымадара. Дара иаарласны аҭыԥ ахь инеины агоспиталь ахь иргеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0