RT астрингер дшьуп Шьамтәыла ИГИЛ имҩаԥнагоз ахысрақәа раан

© Фото : аккаунт Khaled G. Alkhateb в сети FacebookRT астрингер дшьуп Шьамтәыла ИГИЛ имҩаԥнагоз ахысрақәа раан
RT астрингер дшьуп Шьамтәыла ИГИЛ имҩаԥнагоз ахысрақәа раан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Шьамтәыла Аинформациа аминистрра адырра ҟанаҵоит RT аоператор ИГИЛ имҩаԥнагоз алахысрақәа раан дырхәит ҳәа.

АҞӘА, ԥхынгәы 31 — Sputnik. Ателеканал RT астрингер Халид аль-Хатыб шьамтәылатәи апровинциа Хомс ИГИЛ аибашьцәа аналахысуаз иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости ателеканал RT асаит адыррақәа  шьаҭас иҟаҵаны.

"Ателеканал RT адырра ҟанаҵоит акорреспондент Халида аль-Хатыба,  шьамтәылатәи ар имҩаԥырго аоперациа аҭыхраан дыршьит апровинциа Хомс аҩадатәи ахәҭаҿы", ҳәа аанацҳауеит ателеканал асаит аверсиа. Ателеканал адыррақәа рыла ажурналист ахәрақәа иоуит ИГИЛ аибашьцәа абри араион ианалахысуаз.

Аль-Хатыб 22 шықәса ихыҵуан. Иара Дамасктәи ауниверситет аҟны аҵара иҵон.

Ажәабжьқәа зегьы
0