Трамп макьаназ асанкциақәа рганахь ала аӡбра идимкылацт

© Fotolia / GaryВашингтон
Вашингтон - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла, Иран, КНДР рганахь ала асанкциақәа рыдкыларазы азакәан адкыларазы рыбжьы рҭиит ЕАШ асенаторцәа 100-ҩык рҟынтәи 98-ҩык. Ҩыџьа абри иаҿагылеит.

АҞӘА, нанҳәа 1 — Sputnik. Америка Апрезидент Дональд Трамп макьаназ Урыстәылаз асанкциақәа рганахь ала аӡбра идимкылацт, уи азы европааи иареи аконсультациақәа мҩаԥыргараны иҟоуп, иҳәеит Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Зигмар Габриэль ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

"Макьаназ аамҭа ыҟоуп. Америка Апрезидент Дональд Трамп макьаназ Урыстәылаз асанкциақәа рганахь ала аӡбра идимкылацт. Азакәан ишаҳәо ала уи азы европааи иареи аконсультациақәа мҩаԥыргараны иҟоуп", — иҳәеит Германиа Адәныҟатәи аусқәа рминистр Зигмар Габриэль.

Евроеидгылаҿы азакәан "Вашингтон аганахь мацаралатәи усуп" ҳәа ахырҳәааит, Вашингтон ахымҩаԥгашьагьы иақәыӡбеит, избанзар аркьаҿрақәа ирыҵаркуеит Урыстәыла аенергетикатә проектқәа, Европа имҩаԥнагогьы абрахь иналаҵаны. Ари адкылара иақәшаҳаҭым америкатәи аилахәыра дуқәагьы. Урҭ, азакәан рыдыркылар, ринтересқәа акыр ирԥырхагахоит.

Азакәан азырхоуп Европатәи аенергетикатә џьармыкьа анапахьы аагара, уантәи Урыстәыла алгара. Ишдыру еиԥш европатәи аенергоџьармыкьаҿ ЕАШ иаконкурент хаданы иԥхьаӡоу Урыстәылоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0