Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аконкурс хыркәшоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ҳәоуп

© Sputnik / Виталий Тимкив / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСтенин ихьӡ зху афотожурналистика аконкурс хыркәшоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ҳәоуп
Стенин ихьӡ зху афотожурналистика аконкурс хыркәшоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ҳәоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз, Урыстәыла имҩаԥысуаз Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоконкурс аихшьаалақәа ҟаҵоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ӡыргоуп.

АҞӘА, нанҳәа 8, Sputnik. Урыстәыла имҩаԥысуаз Андреи Стенин ихьӡ зху жәларбжьаратәи ажурналистцәа рфотоконкурс аихшьаалақәа ҟаҵоуп, аиааира згаз рыхьӡқәа ӡыргоуп. Аноминациа "Главные новости" ала аҭыԥқәа ранашьахеит афотожурналистцәа Фандулвази Джаиклои Алехандро Мартинес Велеси.

Аноминациа "Моя планета" аҟны актәи аҭыԥ роуит Сербиатәи ажурналистка Елена Инковичи урыстәылатәи ажурналист Павел Волкови.

Аноминациа "Спорт" аҟны аиааира ргеит Москва, Владивосток, Новгород рҟынтәи ажурналистцәа. Актәи аҭыԥ роуит Новгородтәи Константин Чалабови Москватәи Алексеи Филиппови.

Аноминациа "Портрет. Герой нашего времени" аҟны актәи аҭыԥқәа роуит Урыстәылеи Италиеи рфотожурналистцәа.

Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху афотоконкурс аҟны онлаин-бжьыҭирала иреиӷьқәоу алыркаауеит

Аноминациа "Лицо из прошлого" аҟны аиааира игеит афотожурналист Данило Гарсиа Ди Мео.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" афотомаҵзура анапхгаҩы Александр Штоль:

"Есышықәса аконкурс агеографиа аҽарҭбаауеит. 2017 шықәса рзы иара рҽаладырхәит 76 тәыла рҟынтәи афотожурналистцәа. Ҳара агәахәара ҳнаҭоит иахьатәи ҳаамҭазы афотосахьа актуалра аманы, еиуеиԥшым ауаа, атәылақәа, адунеи аҟны иҟоу аиҭакрақәа еилукаартә иахьунарбо, апроблемақәа ахьаанарԥшуа ", — ҳәа иҳәеит.

Стенин ихьӡ зху 2016 шықәсазтәи аконкурс еизнагеит 6000 усумҭа 71 тәыла рҟынтәи. Аиааира згаз русумҭақәа ықәыргылан: Москва, Стамбул, Кеиптаун, Шанхаи, Пекин, Каир, Берлин, Рим, Марибор, Лиублин ақалақьқәа рҟны. 2016 шықәсазтәи аконкурс Гран–при ианашьахеит италиатәи афототыхыҩ Данило Гарсиа Ди Мео.

2017 шықәсазтәи аконкурс ахь инагоуп 5 000 рҟынӡа усумҭа. Аконкурс апортал stenincontest.ru ахь 76 тәыла рҟынтәи афоторепартиорцәа русумҭақәа нарышьҭит. Аиҳаракгьы активла рхы аадырԥшит: Урыстәыла, Индиа, Италиа, Китаи, Беларуссиа, Испаниа, Польша, Бангладеш рҟынтәи афотоҭыхыҩцәа.

Аконкурс еиҿнакааит жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня". Иара иахьазы Урыстәыла ахьӡ ҿыцқәа аазыртуаны иҟоу конкурс заҵәыкуп.

2017 шықәса рзы аусумҭақәа алыркаауеит аноминациақәа ԥшьба рыла: "Главные новости", "Спорт", "Моя планета", "Портрет. Герой нашего времени". Аконкурс аԥхьахәтә фонд иартәоит: 50, 35, 25 нызқь мааҭ, номинациа-цыԥхьаӡа. 500 нызқь мааҭ ианашьахоит "Гран-при" зырҭо афотоҭыхыҩ.

Стенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс еиднакылеит 76 тәыла - Sputnik Аҧсны
Стенин ихьӡ зху 2017 шықәсазтәи аконкурс еиднакылеит 76 тәыла

Аконкурс апортал stenincontest.ru аҟны аконкурс аҿы аиааира згаз зегьы рсиа цәыргоуп.

Жәларбжьаратәи аинформациатә маҵзура "Россия сегодня" еиҿнакааз Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс хықәкны иамоуп ҳаамҭазтәи афотожурналистика ауаажәларра разхьарԥшра. Аконкурс – жәларбжьаратәи афотоеилазаара афотожурналистикаҟны ахьыӡ ҿыцқәа ахьаадырԥшуа, астандартқәа ахьдырҿио, иахьышьақәдыргыло ҭыԥ заҵәыкны иҟоуп.

Андреи Стенин ихьӡ зху афотожурналистика Жәларбжьаратәи аконкурс мҩаԥысуит урыстәылатәии жәларбжьаратәии АИХ (СМИ), аинформациатә маҵзурақәеи афотоеилазаарақәеи рыдгыларала. Аконкурс информациатә партниор хаданы иҟоуп: урыстәылазегьтәи аҳәынҭқарратә канал "Россия-Культура", аинформациа-жәабыжьтә портал KP.ru, аинформациатә портал ЖурДом, апортал Russian Photo. Аконкурс жәларбжьаратә информациатә партниор хаданы иҟан: аинформациатә маҵзуреи ардиои Sputnik, аинформациатә маҵзура Askanews, аинформациатә маҵзура EFE, амедиахолдинг Independent Media, аинформациатә маҵзура Notimex, ателеканал, апортал RT, The Royal Photographic Society, Shanghai United Media Group (SUMG).

Аусхкытә информациатә партниорцәа рыҳасабала иара иадгылоит: Урыстәыла афотожурналистцәа рхеидкыла, Москватәи ажурналистцәа рхеидкыла, Аҿари астудентцәеи АИХ рхеидкыла,Академия Фотографии, амаҵзура ГеоФото, апортал Photo-study.ru, аинформациатә портал YOung JOurnalists, афестиваль "Фотопарад в Угличе".

Ажәабжьқәа зегьы
0