Испаниа мышкы ахы-аҵыхәала атеррористтә актқәа ҩба ҟалеит

© Sputnik / Хавьер Луэнго / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на месте теракта в Барселоне
Ситуация на месте теракта в Барселоне - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Испаниа, Барселона ақалақь аҟны ауаа ахьынеиааиуаз аҭыԥ аҿы автомашьына ауаа ирылалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 13-ҩык ҭахеит 100-ҩык инареиҳаны еиуеиԥшым аахақәа роуит. Амш ахәылбыҽха атеррористтә акт ҟалеит Каталониа иахьаҵанакуа, Камбрильсе ақалақь аҟны. Ари атерракт аан ԥсыҭбара ҟамлеит, аахақәа роуит быжьҩык ауааԥсыра.

АҞӘА, нанҳәа 18 — Sputnik. Аԥшьашаҽны Испаниа мышкы ахы-аҵыхәала атеррористтә актқәа ҩба ҟалеит. Испаниа, Барселона ақалақь аҟны ауаа ахьынеиааиуаз аҭыԥ аҿы автомашьына ауаа ахьеилагылаз ирылалеит. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла 13-ҩык ҭахеит 100-ҩык инреиҳаны еиуеиԥшым аахақәа роуит. Ахҭыс ахахьы иагеит атеррористтә гәыԥ ИГИЛ. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Амш ахәылбыҽха атеррористтә акт ҟалеит Каталониа иахьаҵанакуа, Камбрильсе ақалақь аҟны. Ари атерракт аан ԥсыҭбара ҟамлеит, аахақәа роуит быжьҩык ауааԥсыра. Атеррористцәа ԥшьҩык ршьит, аӡәы дырхәит. Аамҭақәак рышьҭахь уигьы иԥсҭазаара далҵит.

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла афургонқәа руак зыхьӡала иҟаз, амашьынаҟны здокументқәа рбаз Дрис Укабир Сопрано аполициа рахь днеины иҳәеит сдокументқәа рӷьычит ҳәа. Иара убри аан иазгәеиҭеит ус ҟазҵаз иашьеиҵбы Муса Укабир иакәзар ауеит ҳәа. Аполициа иара иажәақәа риашара аилкаара рҽазыршәоит, иара убасгьы урҭ ирызцәырҵит азҵаара: ус акәзар уаанӡа аполициа рахь адырра зыҟаимҵацыз ҳәа.

Аполициаа иара убасгьы аҳәамҭа ҟарҵеит Камбрильс ақалақь аҟны атеракт мҩаԥызгаз, ишьу атеррористцәа аҽшьҩы имаҟақәа рымӷан ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0